АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб иахьа Апарламент адепутатцәа Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Кан Кәарҷиа, Левон Галустиан, абиуџьеҭи акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа дырԥыло   Аҟәа араион абиџьеҭ ашьақәыргылара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит.

Аиԥылара аҿы адепутатцәа абиуџьеҭтә зҵаарақәак рзы ргәаанагарақәа рҳәеит, урҭ атәыла афинансқәа рминистр иҟынӡа инагахоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы  Ԥсахара ақыҭан иҟоу 1,10 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи ауааԥсыра хазхаҭалатәи анхарҭаҭыԥқәа рыргылара азы «аиланхарҭатә пунктқәа рзы адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы Гагра араион Ахадара  иаланагалаз ажәалагала аҟәшаҳаҭхара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылхархәареи акадастри рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Адамыр Аҳәба.

Ақәҵара азинмы аиуоит иарбоу адгьыл категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара азҵаара Апарламент аҟны ақәшаҳаҭра анаиулак ашьҭахь.

Аминистрцәа Реилазаара иара убас Гагра араион Ахадара азин анаҭеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хомс» асасааирҭатә ҟазшьа  змоу аобиект аргыларазы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу, зҵакыра 0,23 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа есымшатәи ахархәаразы аҭара.  ЗҲӘА «Холмс» хыдҵас иадуп:

 – иарбоу адгьыл ахәҭа аҿы археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара  азы Аԥсны акультура Аминистрра аҟынтәи ақәшаҳаҭра аиура;   

– апроектнӡатәи адокументациа астадиа аҟынтәи аекологиатә експертиза амҩаԥгара алыршара;

– аобиект анџьнертә коммуникациақәа рыла аиқәыршәареи аҭыԥантәи арыцқьаратә шьақәгыларақәа рышьақәыргылареи;

– апроектҟаҵара анормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны аобиект ахь уназго амҩақәа разԥхьагәаҭара;

– иазоужьхо аҵакыра ариаҵәара азԥхьагәаҭара;

– аргыларатә усурақәа рымҩаԥгараан аобиект иахьаҵанакуа иҟоу аҵиаақәа реиқәырхареи ахылаԥшра рыҭареи алыршара;  

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҭыԥантәи амчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит. Аиԥылара рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәылахьчара Аминистрра, ақалақьтә Еизарақәа, иара убас арратә акомиссариатқәа рхаҭарнакцәа, ҳәа иаанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.   

Аиԥылара аартуа, Лаша Ашәба еизаз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши иааиуа аныҳәамш –Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи Рымши  рыдиныҳәалеит.

«Иахьатәи ҳаиԥылара ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа иҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирыдҳәадоуп. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳаргьы агәҽанызаара ааҳарԥшуазароуп», - ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Апарламент Аиҳабы иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥысыз ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара атәы еиҭеиҳәеит.  Аилатәара аихшьаалақәа рыла аминистрцәа Реилазаара аҟны амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәха реиқәыршәареи заанаҵтәи ахәшьара рыҭареи рзы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абри аминуҭқәа рзы имҩаԥысуеит Ареспублика Белорус Ахада Алеқсандр Лукашенкои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.   

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларус Ареспублика Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара

Аиԥылара мҩаԥысит Пицунда аҳәынҭқарратә дача аҟны.

Ареспублика Беларус Ахада аԥсшәа иаҳәо, Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала уаабеит, Александр Григори-иԥа! Шәара Аԥсны есқьынгьы иззыԥшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп».

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәаны иҳәеит 1996 шықәса ажьырныҳәамзазы ИАР алахәцәа - аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аԥсны аибашьрашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

«Аԥсны аҟәыҭхара, аекономикатә блокада аҭакразы азыӡба иашаӡам шәҳәеит. Аԥсны ари атәы рдыруеит, ҳаҭыргьы ақәырҵоит. Ҳара ауаатәҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шәаара гәахәара дула иҳадаҳкылеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ареспублика Беларус Ахада Аԥсныҟа иаара ҩ-жәларык реизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа. «Ҳаизыҟазаашьақәа, хымԥада, асоветтә аамҭазы ишыҟаз еиԥш ишьақәҳаргылоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны!"

Алеқсандр Лукашенко иҭабуп рхиҳәааит Аԥсны Ахада иажәа ԥхақәа.

«Агәхьаагара есқьынгьы иҳамазаауеит. Акыр ҵуеит уи аахыс, 25-27 шықәса схыҵуазар ҟаларын усҟан, иԥшьоу ари адгьыл аҟны саахьан. Ҳәара аҭахума, сара усҟан Аҳәынҭқарра сахагыламызт, иуҳәар ауазар, баша уаҩык, Апарламент адепутат иаҳасабала.

Иацы, Аԥсны апроблемақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иԥа Путини сареи. Акыраамҭа, аҵх иааҳамнахаанӡа арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәон, лкаак ҳагьазааит, Аԥсны ҳазкажьӡом. Иацхраалатәуп ишәҭыкакаҷуа ари атәыла, уи иқәынхо ауааԥсыра аԥсҭазаара бзиа рымазарц азы», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Лукашенко. 

Ареспублика Беларус Ахада иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаара ҭагылазаашьа ҷыдак иадҳәаланы иҟаӡам. 

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы Аҳазылхыҩ Иныҳәамш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. Атәыла Ахада ихьӡала Аԥсны Аҳазылхратә Еилакы анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.  

Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгара ахьӡала  аԥснытәи аҳазылхыҩцәа дрыдныҳәалеит  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аԥсуа культуратә центрқәа  рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба, уи  ихаҭыԥуаҩ Биуленҭ Аҩӡба.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, уи ицхырааҩ Џьансыхә Лазба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: "Ҳаиԥылара акырӡа сеигәырӷьеит. Иахьа, ныҳәа дууп - Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иамшуп. Ҳара ҳзы гәахәароуп Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа  рыԥсадгьыл ахь ирымоу аимадара есааира иахьдырӷәӷәо".

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ажәа риҭеит аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәаразы иҟаҵатәу аусқәа ирылацәажәарц. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дшазыхиоу. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба Ҭырҭәтәыла инхо аԥсуаа рыхьӡала  Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амши хара имгакәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.

"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳаиԥылара. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аҳәара ҟарҵеит рыхьӡала асалам шәыҭаразы, аныҳәа шәыдныҳәаларазы. Ҳара иҳамоуп ҳазлацәажәарц иаҳҭаху азҵаарақәа, ҳагьақәгәыӷуеит ҳаицәажәара аконструктивтә ҟазшьа аиуп ҳәа", - иазгәеиҭеит Иумиҭ Аҭеиба.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.   Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы иадыркит агәалашәара ацәашьқәа. 23 шықәса инареиҳаны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит, араҟа урҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, Аԥсны аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркуеит.

Иахьа ахәылбыҽха урҭ рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рыцны Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеины Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.   Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аҳәса аинвалидцәа рыцыԥхьаӡа ртәанчахәқәа инацҵаны ирхыԥхьаӡалахоит хәба-хәба нызықь мааҭ. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо  адырра ҟаиҵеит 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи  афонд анапхгаҩы Дмитри Ҭарба.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарауаҩ, Донбасс иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз Кьыркьынаӡе Артур Беслан-иԥа иҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә шәатәы шьақәнаргылеит.  Артур Кьыркьынаӡе иҭаацәа ирызшәахоит 1 млн. мааҭ.  

Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.

Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит асоциалтә бгаԥса аминистр Руслан Аџьба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.