АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2023

ГӘЫМСҬАТӘИ АЦҲА АҴАҞА ИКАЖЬЫЗ АГӘАМ-САМ ЫҚӘЫРГЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәымсҭатәи ацҳа аҵаҟа, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Марттәи ажәылара аан ашьаарҵәыратә еидысларақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҿы, уажәазы зхаҭара шьақәыргылам џьоукы абзазаратә гәам-сами аргыларатә маҭәахәқәа рцәынхақәеи карыжьуа иалагеит.  

Аҟәа араион Ахадара изакәанымкәа ицәырҵыз акьамсаеизакырҭа ақәгара еиҿнакааит. Агәам-сам арахьынтәи агәамсамшьҭаҵарҭа ахь  иргеит . Иҷыдоу атехника ахархәарала араҟа амашьынақәа раара иаԥырхагахашьа аҭҳәааш ржит.

Аха, уахыки-ҽнаки рыла зхаҭара шьақәыргылам ауаа агәам-сам ҩаԥхьа ацҳа аҵаҟа акажьра рзыманшалахарц азы ари аҭҳәааш еимарыԥеит.

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь днеит. Уи азинхьчаратә усбарҭақәа ас еиԥш игәыԥжәагоу, уи-моу, иламысдароу аус назыгӡаз реилкаара азы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара убас  хара имгакәа авандалцәа раанкылара азы иназыцҵоу ацхыраагӡа аҳасабала ишьақәыргылахоит авеб-камерақәагьы. Араион Ахадара Аԥсны азы иԥшьоу ари аҭыԥ аҿы азакәанеилагарақәа ҟамлаларц азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы нанагӡоит. Уи иара убас ламысцқьала инхо ауаа рыхдырреи рацхыраареи ишақәгыӷәуа азгәеиҭеит.  

Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы аргыларатә техника назмышьҭуа иҷыдоу аҭахкаагақәа шьақәыргылан.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа араион Ахадара апресс-маҵзура.


Read 242 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.