АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2023

ЛАША АШӘБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәлеит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра амш!

  Иахьа Шәара аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоит аԥсҭазааратә ԥышәа ду рҳаны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵзураҟны ишәыдгылоу шәҩызцәагьы Шәаргьы атәыла аекономикатә лшарамч, уи акультуратәи адоуҳатәи ҭынха рыҿиара гәацԥыҳәарала шәалахәуп.

Шәара шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду ҳтәыла аԥхьаҟагьы асоциалтә-економикатә ҿиара, жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәаразы ицхыраагӡа дуны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы имаҵзураҟны шәусураан ҳреспублика аҳәынҭқарратәи амилаҭтәи шәарҭадара алыршара иазкыз иуадаҩыз азҵаарақәа рыӡбара шәнапы алакын.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааԥхьара адепутат иаҳасабала Шәара шәлагаламҭа ареспублика азакәанԥҵара аиӷьтәра иазкын. Иахьа Аконституциа ахьчара знапы иану иаҳасабала Ахада имаҵзураҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет, ахьыԥшымра, аҳәынҭқарратә акра аиқәырхаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыжәгоит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара, атәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҟны шәлагаламҭа. Шәара ишәыбзоураны акрызҵазкуа аполитикатә ӡбамҭақәа алыршоуп, аԥсҭазаара иаларҵәоуп аинвестициатә проектқәа жәпакы, аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рыҟны имҩаԥысуеит аиҭакрақәа, ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥара. Аԥхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп, аха ҳара агәра ҳгоит Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара иазкны шәгәы иҭашәкыз аус бзиақәа рынагӡара шәылшап ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ишәзеиӷьасшьоит амилаҭтә интересқәа рыхьчара, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара иазку шәусураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра!»


Read 230 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.