АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ИХЬӠАЛА 60-ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРАҚӘА ААУЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала 60- шықәа ихыҵра инамаданы адныҳәаларақәа аауеит. ***

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Ахада Иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала   ишәыдысныҳәалоит Шира амш.

Иазгәасҭарц сҭахуп Шәара хаҭалатәи шәлагаламҭа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еидызҳәало аиҩызареи, астратегиатә усеицуреи, аидгылареи рырӷәӷәараҟны. Иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны ирыдкылоу азыӡбақәа рыҿиарала есааира иӷәӷәоит ахәаахәҭра- економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультура-гуманитартә усхкқәа, аԥсҭазаара иаларҵәоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еицаҳзеиԥшу апроектқәа.

Агәра згоит ҳусеицуреи, арегионбжьаратә, аустә еимадарақәеи рырҭбаара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәо. 

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны».

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык алак ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак зегьы еицҿакны иадгылоит Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызаратәи аконструктивтәи диалог арҭбаара иазкны имҩаԥыжәго шәусура иамоу ахырхарҭа.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҳҭоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы аҵак ду змоу  апарламентбжьаратә диалог аҿиара. Сара агәра згоит иахьа имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Урыстәылеи Аԥсни шеидгыло, ҳтәылақәа рыжәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еимадарақәа есааира рыҽшдырҭбаало, рыҽшдырӷәӷәало.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала имҩаԥыжәго аусураҟны аихьӡарақәа.

Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо агәра шәсыргар сҭахуп».

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсык алак ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.

Аԥсны ареспублика ахада имаҵзураҟны урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ҩ-гантәи аиҿцәажәарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи рҿы Шәара хаҭала шәлагаламҭа дууп. Урыстәылатәи Афедерациа аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә Аԥсны ганрацәалатәи ацхыраара иацнаҵоит уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәараҟны, асоциалтә-економикатәи акультура-гуманитартәи ҿиараҟны, ашәарҭадареи асуверенитети реиқәырхареи рыҟны.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны».

Урыстәылатәи Афедерациа Арра-ааглыхратә комиссиа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык алак ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Ҳара ҳтәылаҟны ахә ҳаракны иршьоит аидгылареи астратегиатә усеицуреи рыпринципқәа шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу ауеицура арҿиараҟны Шәара шәлагаламҭа.

Агәра згоит аԥхьаҟагьы урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа агәреибагареи, аидгылареи, лыҵшәа змоу аимадареи рҟазшьа шрымоу ишаанхо, Нхыҵкавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхара иазку ауснагӡатәқәа рыӡбара ишацхраало.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа".

Адныҳәаларақәа ааит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Урыстәылатәи Афедерциа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев, Урыстәылатәи Афедерциа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, уҳәа аӡәырҩы рҟынтәи.

 

 


Read 248 times - Амҽыша, 09 Мшаҧы 2023 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.