АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Мшаҧы.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСУА ЖӘЛАР РҬОУРЫХТӘ ҬЫԤ ЛЫХНАШҬА АҞНЫ ИҞАҴОУ АХӘЫМГАРА ДАҚӘЫӠБОИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа милаҭ рҭоурых аҿы иуадаҩыз ахҭысқәа раан илахьынҵаӡбагаз азҵаарақәа рыӡбара ахьымҩаԥысуаз, аԥсуаа рзы иԥшьоу аҭыԥ аҟны - Лыхнашҭа иҟаҵоу ахәымгара дақәыӡбоит.

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит ари ацәгьоура иалахәу ахаҿқәа рышьақәыргыларазы иақәнагоу ауснагӡатәқәа рынагӡара.

Асоциалтә каҭақәа рыла ирыларҵәаз авидео аҿы иубаратәы иҟоуп Лыхнашҭа игылоу Кавказтәи аҭәаҵла ашьапы аҿы абензохәархь ала иҟаҵоу аԥҟарсҭақәа. Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, аҵла ҩар алшоит. «Уажәы ааԥынтәи аӡы алалара иаамҭоуп, арҭ аԥҟарсҭақәа злаҟоу ала, аҭәаҵла аԥсы ҭаны ишаанхо азы агәрагара даара имаҷуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Роман Дбар.

Аеколог иажәақәа рыла, аҵла 150 шықәса иреиҳаны иахыҵуеит, уи Аԥсны адоуҳатә символны иҟоуп.  «Лыхнашҭа  - аҭоурыхтә ҭыԥуп.  Араҟа, абри аҵла амҵан ажәлар илахьынҵаӡбагаз азҵаарақәа рыӡбара азы еизон.  Уи ажәлар рдоуҳатә мчи рхачҳареи реицамкреи символра нанагӡоит», - ҳәа иҳәеит аекологиа Аинститут адиректор. Роман Дбар иажәақәа рыла, ари авандализм акт адагьы, атеракт аҳасабала уахәашыр ахәҭоуп. «Сара ари ахҭыс хәымга ҳажәлар рдоуҳатә хәдуқәа ршьақәҟьара иазырхоу атеракт аҳасабала сахәаԥшуеит, ӷәӷәалагьы сақәыӡбоит»,  –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. 

 


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.