АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа.  Цәыббрамза  26, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Цәыббрамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы амилициа аусзуҩцәа Анӡор Бичваиа зыԥсҟы икыз автомашьына ааныркылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Атранспорттә хархәага агәаҭараан аслон аҿы аԥхьатәи атәарҭақәа рыбжьара аҵиаа иалху амаҭәашьар рбеит. Имҩаԥгаз аекспертиза ишьақәнаргылеит уи зыкапан 22 грамм иреиҳау «амарихуана» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьарны ишыҟоу.

Аҟәа.  Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь акаҳуажәырҭа "Le Сhalet" аҟны иҟалаз амцакра афымцацәаҳәа икьаҿу реидкьыслара иахҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ааха аӡәгьы имоуӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша   зыҽҳәара 10 шықәса рҟынӡа инаӡо абиометриатә ҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа раиуразы азыҳәамҭақәа рыдкылара еиҭалагоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәа цәыббрамза 23, 2022 шықәсазы имҩаԥысыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи аҿартә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара иахцәажәеит.    

«Даара гәахәарала иҳадаҳкылеит ҳҿар ӷәӷәала ишьақәгылоу аԥсҭазааратә позициа ахьрымоу, ҳхьыбҿар рпотенциал анагӡареи ауаа хра злоу ацхыраара рыҭареи рзы ахықәкы рымоуп, урҭ рыбжьара еиҳа-еиҳа иҿиоит  ауаажәларратә активреи ахьыԥшымзаареи, дара анаҩстәи рыԥсҭазаараҿы рхықәкызаареи, ирымоу аидеиақәеи рзы ргәаанагара ҿыӷәӷәала, иаартны ирҳәоит. Адәныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы иԥхьагылоу ҳҿар Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика ишадгыло, насгьы Урыстәылатәи Афедерациеи уи Ахада Владимир Путини  иҷыдоу арратә операциеи ихарҭәаам амобилизациеи  адгылара иазкны ауаажәларратә кампаниа амҩаԥгара азы ирымоу агәҭакқәа ртәы рҳәеит», –­ ҳәа иазгәаҭоуп апартиа иҟанаҵаз акомментариа аҟны.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәафон Open - 2022». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан атурнирқәа хԥа:  атурнир А – аиҳабацәа, атурнир В -   12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара, атурнир С – 8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы.

Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа, ахраҿақәа, амедалқәеи аҳаҭыр шәҟәқәеи ранашьахеит.

Атурнир актәи амш азы имҩаԥысуан ахәыҷтәы турнирқәа ҩба - С (8 шықәса зхымҵыц), В – (12 шықәса зхымҵыц) рзы.

Атурнир С  аҿы аиааира ргеит: Стилиан Мықәба (ақ.Пицунда), Анзор Биджев (ақ.Аҟәа), Емиль Ҷкотуа (ақ. Аҟәа).

Аӡӷабцәа рыбжьара иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаахеит - Анна Палаванӡиа (ақ.Аҟәа), Адриана Ладариа (ақ.Гәдоуҭа), Лаура Аргәын (ақ.Аҟәа).

Атурнир В аҿы аиааира ргеит: Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), Петрос Казанџьиан (ақ.Гагра), Самир Аҩардан (ақ.Гәдоуҭа).

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи иарҭеит Чечентәылатәи иааны хатәгәаԥхарала араҟа еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов ихатәы маҭәақәеи идокументқәеи иабџьари, ҳәа иаанацҳауеит амузеи апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Алхазур Сулеиманов иҭаацәа -  иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, иԥа Хамзат Сулеиманов, иашьеиԥа Билал Сулеиманов, иаҳәшьаԥҳа Луиза Хромова, аҭаацәа рыуацәеи рҩызцәеи, Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ Геннади Аламиа, Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Ирина Агрба, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рзал аҿы  еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит амузеи адиректор Мзиа Беииа.  Уи чечентәи хатәгәаԥхарауаҩ аибашьраан иԥсҭазаара аҟынтәи аинтерес зҵоу аепизодқәа еиҭалҳәеит.

Геннади Аламиа, Ирина Агрба (аибашьраан лара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб аҿы аус луан), Алхазур Сулеиманов иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, ас еиԥш аҵак ду зҵоу агәалашәаратә еиԥылара амҩаԥгара азы иҭабуп рҳәеит. Алхазур Сулеиманов иԥа Хамзаҭ қәыԥш еизаз рахь ихы рханы, иаб зынагӡара дахьымӡаз анагӡареи уи ихьӡ аԥсахареи  рзы илшо зегьы шыҟаиҵо, иҳәеит.

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аколлекциа Аԥсны Актәи Ахада А.Г.Арӡынба Алхазур Сулеиманов ҳамҭас ииҭахьаз асистема "Наган" иатәу хьыӡҳәалатәи атапанча, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа,  иара убас аҳәагьы рыла ихарҭәаахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа антитеррористтә зыҟаҵарақәа ахьымҩаҧысуаз Абаӷәаза-2022 даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра  Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәатәи амшынтә баӷәаза даҭааит антитеррористтә зыҟаҵарақәа ПОРТ-2022 шымҩаԥысуаз агәаҭаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарқәеи Урыстәылатәи Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура рзеиԥштә ҵара азырхоуп атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара.

Азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзурақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә  ҳазалхратә еилакы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада аихшьалатә цәаҳәаҿы ирыдиныҳәалеит қәҿиарала имҩаԥысыз азыҟаҵарақәа.

Аҟәа.  Цәыббрамза 24, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Қырҭтәыла иахьаҵанакуа, Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа азааигәара, ақырҭуа хҵәацәа Аԥсныҟа рырхынҳәра азы ааԥхьарақәа ахьыҟаҵаз, ақырҭуа активистцәа рыла еиҿкааз акциа мҩаԥысит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ас еиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аҳәаа иаԥну азона аҿы ҩаԥхьа аҭагылазаашьа адестабилизациа иазку провакациак аҳасабала иахәаԥшуеит.

«Аҭыԥ дуқәа аанызкыло ақырҭуа маҵурауаа Қырҭтәыла иҟоу апробемақәа ҭынч мҩала аӡбаразы агәҭакқәа амоуп ҳәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, аус аҿы Қырҭтәыла ҳрегион аҿы ашәарҭадара ашьаҭақәа рышьақәҟьара зылшо еиуеиԥшым ашьаҿақәа ҟанаҵоит»,-ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз Ахцәажәара аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара иазку ахылаԥшырҭабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа «Порт-2022» Аҟәатәи амшынбаӷәаза иахьаҵанакуа имҩаԥысуан.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҟаиҵаз адҵа ала, ахылаԥшырҭабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа  рылахәхара азы  Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласу анырра аҭаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи агәыԥ аԥҵан.

Аҽазыҟаҵарақәа рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсны амшынӷбаныҟәареи» Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадаразы афедералтә Маҵзуреи рҟынтәи еизаку агәыԥқәа рхаҭарнакцәа.  

Аихшьаалатә цәаҳәақәгылараҿы аусмҩаԥгатә алахәылацәа қәҿиарала аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза   21, 2022 шықәсазы ироуз аоперативтә информациа ала Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рубарҭа ашьаусԥшаара аусзуҩцәа уаанӡа  зганахьала ашьаусԥшаара хацыркыз Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа даанкыланы аамҭалатәи  Аԥхьакырҭа ахь днаган. Аԥсны апрокуратура Хада асаит  аҟны иҟоу адыррақәа рыла, Гәдоуҭа араион Апрокуратура  имҩаԥнаго аусеилыргара ала Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   99, ахәҭа  1 иарбоу ацәгьоура аҿы дыгәҩароуп.

Абҵарамза 23, 2019 шықәса рзы, ашарԥазы, асааҭ ԥшьба инаркны фба рҟынӡа, Чичба Ҭ.Д., аҩны дшыҟаз (ақ.. Гәдоуҭа, Зыхәба имҩа, аҩны №22) имаз ашәарыцага шәақь ала уаанӡа иҟалахьаз аҭаацәаратә конфликт иахҟьаны  Котуа Т.Г. ихәда инақәыршәаны дхысит, уи иахҟьаны изеихсыз иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.