АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2023

АҞӘАТӘИ АКОМАНДА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ ТУРНИР DAGOMYS CUP 2023 "ЛИГА ЧЕМПИОНОВ" АҾЫ АҨБАТӘИ АҬЫԤ ААНАКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов» аҿы 2-тәи аҭыԥ ааннакылеит.

Мшаԥымза 2 рзы ихыркәшахеит ашьапылампыл азы ааԥынтәи ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов». Атурнир рхы аладырхәит Москва, Санкт-Петербург, Старыи Оскол, Омск, Лобниа, Раменское, Видное, Красногорск, Шәача, иара убас Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи ақәратә категориақәа хәба ирыҵанакуа акомандақәа. Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылеит 2009, 2012 ашықәсқәа рзы ииз аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа ашьапылампыл асекциа ааӡамҭацәа.  2012 шықәсазы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афинал аҟынӡа инаӡеит, араҟа урҭ  актәи аҭыԥ аанкыларазы ирԥылеит ақалақь Красногорск аҟынтәи Аолимпиатә резерв азы Акомплекстә спорттә школ акоманда «Зоркий», аха иаҵахеит.  

Атурнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига чемпионов» иреиӷьу ахәмарҩыс далкаахеит 2012 шықәса рзы ииз Аҟәа ақалақь акоманда ахәмарҩы Давид Иосава. 2009 шықәса рзы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афиналтә хәмаррақәа рҿы ахәбатәи аҭыԥ аанкыларазы еицлабуан, аха Санкт-Петербургтәи Ашьапылампылтә Клуб акоманда «Солярис» иаҵахеит. Убас ала уи афбатәи аҭыԥ ааннакылеит.   

«Сара даара сгәы иаахәеит аиҵбыратә гәыԥ аҟынтәи акоманда шыхәмаруаз, дара азыҟаҵара бзиа шрымаз аадырԥшит, маҷк махәҿалатәи алаӡара рзымхеит умҳәозар, уигьы зыхҟьаз сара сгәаанагарала, ҳара ҳкомандаҿы 5-ҩык ахәмарцәа 2013 шықәсазы ииз роуп. Урҭ зыцыхәмаруаз раасҭа шықәсык ала иреиҵбын. Уигьы баша иҟамлаӡеит. Сара ус акоманда идырны ишьақәсыргылеит, избан акәзар усҟан аспортсменцәа аконкуренциа аҭагылазаашьа аҟны еиҳа аихьӡарақәа раиуразы рҽадцаланы рхы аус адырулоит. Сара сгәаанагарала, убри азы ауп ҳара актәи аҭыԥ аанкыларазы маҷ зҳагхаз», -ҳәа иҳәеит аҟәатәи акомандақәа разыҟаҵаҩ Иракли Кациа.


Read 341 times - Ашәахьа, 03 Мшаҧы 2023 18:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.