АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2023

АБАЏЬДАТӘ ХӘААХӘҬРА АДӘҚЬН АҞЫНТӘИ АҬАҬЫН АЛХРА МҨАԤЫСИТ АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ԤСОУ» АҾЫ.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа, аҳазылхратә гәаҭара азона «Ԥсоу» аҿы ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Импорт» аҿы Аԥсны атәылауаҩ инапылеидара агәаҭара мҩаԥган.  Агәаҭара аан иарбоу атәылауаҩ идырбалеит иагьимырхит абаџьдатә хәаахәҭра адәқьан «DUTY FREE» аҿы иаахәаз, убри аан ишьақәыргылоу аформа ала иарбамыз  5 600 рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.

Иарбоу административтә зинеилагара ала аматериалқәа зегьы заанаҵтәи аусеилыргара азы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.


Read 261 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.