АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2023

ОЧАМЧЫРАТӘИ АШКОЛ-ИНТЕРНАТ БАШКИРТӘИ АХЫҶҚӘА РЗЫ АԤСШЬАРАТӘ БАЗАНЫ ИҞАЛОИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи ашкол-интернат  Башкириатәи ахәыҷқәа рзы аԥсшьаратә базаны иҟалоит. Абри азы еилацәажәаны еизыразхеит Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи Ареспублика Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров ицны Аԥсныҟа иааз аделегациа аилазаараҿы иҟоу уи Башкортосҭантәи иколлега Аибулат Хажини.

Аԥсны аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Инал Габлиеи Аибулат Хажини башкиртәи ашколхәыҷқәа рыԥсшьараамҭа ахьырхыргаша абаза азы аҭыԥ алыркаарц азы Очамчыра ақалақь аҵараиурҭақәа ирҭааны игәарҭеит.  

Аинспекциа аихшьаалақәа рыла, иарбоу ахықәкы анагӡара азы иалххеит С.Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат.

Аибулат Хажин напхгара зиҭо Ахылаԥшырҭа иазԥхьагәаҭаны иамоу ауснагӡатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит: «Сара сызлахәаԥшуа ала, ари ашкол аҿы аԥхынтәи аԥсшьарамқәа рзы рыԥсшьара еиҿкаазар ауеит 200-ҩык рҟынӡа иҟоу асменақәа ԥшьба.  Ари ашкол ахьыҟоу аҭыԥ амшын актәи ацәаҳәа иаҵанамкуазаргьы, амшын араантәи даара иааигәоуп»,- ҳәа иҳәеит Ареспублика Башкортосҭан анаукеи аҵарадырреи рминистр.


Read 252 times - Ашәахьа, 03 Мшаҧы 2023 18:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.