
pressadmin-2
ДАУР АҚАҨБА РОСТОВ АҚАЛАҚЬ АХЬ АУСУРАТӘ НЫҞӘАРА МҨАԤИГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аусуратә ныҟәара аҳасабала Ростов-на Дону ақалақь ахь амҩа дықәлеит. Уи иусуратә ныҟәара ахықәкы хаданы иҟоуп XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» алахәхара.
КАЛМЫКИА АХАДА БАТУ ХАСИКОВ АԤСНИ КАЛМЫКИЕИ ГАНРАЦӘАЛАТӘИ АИМАДАРАҚӘА РЫБЖЬАҴАРА ДШАДГЫЛО АЗГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ахада Бату Хасиков дидикылеит.
«Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа, бзиала уаабеит! Ҳадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит»,- ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аиԥылараҟны еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аимадарақәа шрыбжьоу. «Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ҳареи аимадарақәа, аекономикатә, аиҩызаратә, акультуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар ҳҭахуп»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Калмыкиа Ахада иганахьала Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы. «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәахәара дууп сара сзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны сыҟазаара. Сара Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рдырра сахьӡахьеит. Абас еиԥш ахшыҩҵак сызцәырҵит избаз анаҩс, «Аԥсны Аҳәынҭқарра аиааира символра азызуа аҭоурых аиқәырхара алшеит, ари иахьа ҷыдала аҵакы амоуп»,- ҳәа иҳәеит Баҭу Хасиков.
Калмыкиа Ахада иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала аусеицура ахацыркра.
АԤСНЫ АРРАТӘ УАЛԤШЬА АНАГӠАРАЗЫ ААԤХЬАРА ҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса рзы Аԥсны атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса аҟынӡа 18 -27 шықәса зхыҵуа, арратә ԥхьатәара иҟам атәылауаа арратә маҵзура анагӡаразы ааԥхьара рыҭахоит.
ИМҨАԤЫСИТ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АԤЫЗА-МИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВИ РЕИԤЫЛАРА
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови реиԥылара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы заатәи ахәшьареи абжьгарақәа разырхиареи рымҩаԥгара иазку аусуратә гәыԥ ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов далархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
АСЛАН БЖЬАНИЕИ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.
Ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак реилибакаара арӷәӷәара хықәкыс измоу аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа.
АБЛАБАРА АДИАГНОСТИКА АЗЫ ЕИҬАҴУА АКОМПЛЕКС ЖЬҬААРАМЗА 3 – 4 РЗЫ ҬҞӘАРЧАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС АУЛОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомлекс жьҭаарамза 3 – 4 рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аус аулоит.
Апациентцәа рыдкылара мҩаԥыслоит Ҭҟәарчал ақалақь араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿаԥхьа асааҭ 09:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, аҳақьым Шаталов ихьӡ зху аклиника ареспубликаҟа иаанашьҭит арефракциатәии ахәыҷтәи офтальмохирургцәа. Убри иабзоураны иахьа алшара ыҟоуп 6 шықәса зхыҵхьоу ахәыҷқәа рыблабара агәаҭара адиагностика аҟаҵара азы.
Урыстәылатәи офтальмологцәа Аԥсны русура аамҭа иалагӡаны игәарҭахьоу ауаа рхыԥхьаӡар иахьазы 445-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аҷаларатә чымазарақәа змоу апациентцәа рыдкылара мҩаԥысӡом.
НОВОСИБИРСКТӘИ АКОМАНДА АХАЦӘА АВЕТЕРАНЦӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ИААРТУ АРЕСПУБЛИКАТӘ ТУРНИР АҾЫ АИААИРА АГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит амҵәышәмпыл азы ахацәа аветеранцәа ркомандақәа рыбжьара IX Иаарту ареспубликатә турнир. Атурнир 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иазкны имҩаԥган.
Атурнир аикәыршаратә система ала хәымш ирылагӡаны Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥысуан. Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Новосибирск, Волгоград, Черкесск, Новороссиск, иара убас Славианск-на-Кубани рҟынтәи акомандақәа..
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕЛЕГАЦИА АОФИЦИАЛТӘ ВИЗИТЛА МОСКВАҞА ИНАӠЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Москваҟа, аофициалтә визитла инеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи напхгара аиҭоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба. Аҳаирбаӷәаза Шереметиево аҟны аԥснытәи аделегациа дырԥылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.
Аԥсны апарламенттә делегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Демур Гогиа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы алахәыла Инар Гыцба, Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫКӘАШАРЕИ РЫШӘАҲӘАРЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АНСАМБЛЬ XXI АҞАЗАРА АЗҞАЗАЦӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ РФЕСТИВАЛЬ «АҬЫНЧРА КАВКАЗ АЗЫ» АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль Ротов-на-Дону ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» ахы аланархәуеит.
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартист, Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика жәлар рартист Валери Ҭаниа.
Абалетмеистер хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист Леонид Какачиа.
«Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» – ари амилаҭтә традициақәа, ақьабзқәа, аҵасқәа реиҭарҿиареи реиқәырхареи, милаҭла ирацәоу, еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи ажәларқәа реидкылара алзыршо акакәны иҟоуп. Афестиваль акультуратә еимадарақәа рыҿиареи рырҭбаареи иацхраауеит, Алада Урыстәыла ажәларқәа ркультура еизааигәанатәуеит. Аҟазара азҟазацәа рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» аиҩызареи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара азы акыр аҵак ду амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп афестиваль апресс-релиз аҿы. Афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» рхы аладырхәуеит аетнографиатә, афольклортә, авокалтә, аинструменталтә, ахорелграфиатә коллективқәеи, еиуеиԥшым ажанрқәа рыла зхатәы милаҭтә культура аӡыргара мҩаԥызго хазы игоу анагӡаҩцәеи.
ЖЬҬААРАМЗА 2 РЗЫ ГАГРА АҚАЛАҚЬ ҚЫРҬТӘЫЛА АҲӘЫНҬСОВЕТ АРХӘҬАҚӘА РҞЫНТӘИ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ. .
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Гагра ақалақь Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵит.
Жьҭаарамза 2,1992 шықәса рзы Аԥснытәи арратә хәҭақәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыцхыраарала Гагра ахақәиҭтәразы қәҿиарала ажәылара мҩаԥыргеит, жьҭаарамза 6 рзы –Аԥсны Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы ахы иақәиҭхеит. Ари Аԥснытәи архәҭақәа раԥхьатәи риааира акәын.
Аҭоурыхҭҵааҩы Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-93 шш. Қырҭтәылеи Аԥсни реибашьра» аҿы ишыиҩуаз ала, «аӷа итанкқәа, иабџьар, иџьаԥҳаны, уҳәа зегьы кажьны дхьаҵны Гьечрыԥшьҟа ихы ирхеит. Анаҩс аҿагылаҩцәа рыхәҭак еиԥхьытта абнареи ааигәа-сигәа иҟаз ақыҭақәеи рҿы рҽырҵәахит, егьырҭ, ирымаз абџьар ааныжьны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа иахыҵны ицеит. Жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы, асааҭ 6, 40 минуҭи рзы Ԥсоу ала ицо Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.