АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2023

АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР 2023 ШЫҚӘСАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҞЫНТӘИ АФИНАНСТӘ ЦХЫРААРА АУИУРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 10 тәылак рҟынтәи аурыс театрқәа 2023 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинанстә цхыраара аиураны иҟоуп. Аԥшьбатәи жәларбжьаратәи аконференциа «Аҳәаанырцә иҟоу  аурыс театр аурыс культура аинститут аҳасабала» апленартә еилатәара аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟалҵеит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Алла Манилова.

Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа афинанстә дгылара рыҭара ҩ-хырхарҭак рыла имҩаԥысуеит: ҳаамҭа иақәшәо атеатралтә сценатә еиқәыршәагақәа раахәареи аԥхьарбаратә қәгыларақәа адгылара рыҭареи. «5 млн. мааҭ -  атеатралтә сценатә еиқәыршәагақәа рзы,  5 млн. мааҭ – ақәыргыларақәа рзы», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Афинанстә цхыраара зауа атеатрқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театргьы.

Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа рфинанстәра мҩаԥнагалоит автономтә икомерциатәым аиҿкаара «Аурыс сезонқәа».

Афинанстәра роуеит Аԥсны, Ермантәыла, Белорусиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Ҭаџьыкьысҭан, Туркмениа, Узбекисҭантәи ҩ-театрк, Аахыҵ Уаԥстәыла, уҳәа атәылақәа рҟынтәи аурыс театрқәа.   


Read 345 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 17:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.