АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2023

РЕЗО ЗАНҬАРИА АДГЬЫЛҚӘА КАТЕГОРИАК АҞЫНТӘИ ДАҼА КАТЕГОРИАК АХЬ РЫИАГАРА АԤҞАРА АРМАРИАРА АЗЫ АЖӘАЛАГАЛА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аусуратә еилатәара мҩаԥысит.. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

Аилак аҟны иалацәажәеит урыстәылатәи аиуристтә хаҿы инаигӡараны иҟоу В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркреи аԥхьаҟатәи аусуреи ирызку аинвестициатә проект азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра.

Анаҩс, аилатәара амшахәаԥштә инақәыршәаны Аилак алахәцәа Резо Занҭариа ирыдигалаз азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа жәпакы ирыхәаԥшит. Ҷыдала, иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра Адгьылтә Закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанпроект. Автор игәаанагарала, азакәанпроект хықәкы хаданы иамоуп, адгьыл аҭара апроцесс аркьаҿреи, ари аԥҟара аҿҳәара аиҵатәреи хықәкыс иҟаҵаны адгьылқәа категориак аҟнытә даҽа категориак ахь риагара аԥҟара армариара.

 

 

 


Read 316 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 17:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.