АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2023

МШАԤЫМЗА 17 РЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДИПЛОМАТИАТӘ АКАДЕМИА АҬАЛАРАЗЫ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА РҞЫНТӘИ АУСШӘҞӘҚӘА РЫДКЫЛАРА ХЫРКӘШАХОИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Адипломатикатә Академиа амагистратуреи аспирантуреи апрограммақәа рыла аҵара азы аҭаларазы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи аусшәҟәқәа рыдкылара хыркәшахоит.  Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.

Аҭаларазы аконкурс алахәхара ҟалоит абарҭ амагистратура апрограммақәа рыла:

 - ахырхарҭа «Аекономика», апрограмма «Жәларбжьаратәи аекономикеи абизнеси»;

-  ахырхарҭа «Азиндырра», «Жәларбжьаратәи ауаажәларратә зин», «Жәларбжьаратәи аекономикатә зин» апрограмма;

-ахырхарҭа «Менеџьмент», «Адәныҟаекономикатә усуреи ашәарҭарақәа рнапхгараҭареи» апрограмма (латәарадатәи аҵара аформа).

Аспирантура аҭаларазы аконкурс алахәхара алыршахоит анаукатә  занааҭқәа ргәыԥқәа «Аекономика», «Азин»; «Аҭоурыхтә наукақәа», «Аполитологиа». Аконкурстә ԥышәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апретендентцәа иреиӷьу алххоит, урҭ ахәҭакахьала Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҿы хәыда-ԥсада (абиуџьеттә шьаҭала) аҵаразы алшара роуеит.

Актәи аетап аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь абри аелектронтә ԥошьҭа ала Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. абарҭ аусшәҟәқәа рынашьҭа ахәҭоуп:

Иалху ахырхарҭа зну арзаҳал; адиплом ахкьыԥхь, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҿы аҵара шиҵо азы адырранҵа; атәылауаҩратә (аҩныҵҟатәи) атәылауашәҟәы, иара убас Аԥсны атәылауаҩ аҳәаанырцәтәи итәылауаҩшәҟәы рыхкьыԥхьқәа.

 

 

.


Read 294 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 16:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.