АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Мшаҧы.2023

ҬЕМУРИ ЏЬЫНЏЬАЛ АРЕСПУБЛИКАТӘ УНИТАРТӘ НАПЛАКЫ «АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ» АДИРЕКТОР ХАДАС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономика Аминистрра Адҵа ала Џьынџьал Ҭемури Иван-иԥа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хадас дҟаҵоуп. Ҭемыр Аџьынџьал 2007 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы  «Аҟәатәи афымцатә Станциа» адиректорс аус иуан, афымцамч аусхкы аҿы – 1996 шықәса инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Рамин Зингишвили «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Уи «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихақәиҭтәра азы изныкымкәа аҳәара ҟаиҵахьан, мшаԥымза, 2023 шықәсазы иҟаиҵаз аҳәарагьы уахь иналаҵаны. Ари аӡбамҭа Аӡфымцастанциа-2 Аихшарҭа қьырала аҭара азҵаара акала иадҳәаланы иҟам.  

Иҟоу афымцамч адефицит ҳасаб азуны, Аӡфымцастанциақәа - (1, 2, 3) Аихшарҭақәа реиҭашьақәыргылара хадара злоу зҵаараны иҟоуп.  

Аԥыза-министр идҵа инақәыршәаны, аекономика Аминистрра Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» алархәны Аӡфымцастанциа-2 Аихшарҭа атехникатә ҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥнагоит.

Иара убас қьырала аҭара иазку аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара мҩаԥысуеит. Уи иалагалазароуп аобиект аҳәынҭқарратә мазараны аанхара, иара убас уи аиҭашьақәыргылара, ахархәара, атехниктә ҭагылазаашьа иахәҭоу ахылаԥшра аҭареи, насгьы иааиуа афымцамч ахәҭак ареспублика аенергосистема ахь аиагареи рзы аҭакԥхықәра анагӡара иазку  аԥҟарақәа.  

 


Read 266 times - Аҩаша, 18 Мшаҧы 2023 16:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.