АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2023

Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда змоу имаҵурахьы далырхит.

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда лыҭаразы рыбжьы рҭиит.

Аԥхьанатә ари амаҵурахьы х-ҩык ркандидатурақәа ықәгылан – Гәында Џьениа, Диана Керселиани Анас Кьышьмариеи. Гәында Џьениа Апарламент аилатәара алагаанӡа лкандидатура ықәылгеит.  

«Ауаҩы изинқәа рыхьчаҩы имаҵура ҳтәыла аҿы акыр зҵазкуа акәны иҟоуп. Агәра шәсыргоит исымоу аус адырра баша ажәала акәымкәа аус ала арҵабыргра азы сԥышәеи сдырреи шазхо»,  –  ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.

Анас Кьышьмариа лкандидатура азы рыбжьы рҭиит 32 - ҩык адепутатцәа, ҩыџьа – мап лцәыркит.


Read 487 times - Ахаша, 19 Мшаҧы 2023 19:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.