
pressadmin-2
АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ ИҞОУ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ ЛАППАРАТ АНЫХТӘҚӘА РХАРЏЬЫНҴА ААИГӘА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРАҞНЫ АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАЗЫ
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, жьҭаарамза 10 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара. Уи мҩаԥигон аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. Аилак аилатәара лхы алалырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл.
АИБАШЬРА АВЕТЕРАН ЕКАТЕРИНА СИНИАВСКАИА 100-ШЫҚӘСА ЛХЫҴРА ЛЫДЫРНЫҲӘАЛЕИТ. .
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иқәынхо аурыс еитәылауаа Реиҿкаареи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа арратә база аоркестри, иахьа шәы-шықәса зхыҵыз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа лыҩны аҿаԥхьа аконцерт еиҿыркааит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит Гәылрыԥшь араион Ахадареи Гәылрыԥшь араион ауаажәларратә еиҿкаарақәеи «Гәлрыԥшь. Аурыс еиҩызара», «Урыстәыла атәылауаа рзинхьчара Ацентр», иара убас акультуратә фонд «Платформа», Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны», агәыҳалалратә фонд «Адгылара».
Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа аветеран илыдныҳәало иқәгылеит, уи аамышьҭахь урыстәылатәи арратә база аоркестр амузыкатә композициақәа нанагӡеит. Екатерина Синиавскаиа лнапы иадыркит ашәҭқәеи аҳамҭақәеи.
АЛЛА БЕЛИАЕВА АРЕСПУБЛИКАТӘ САНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ СТАНЦИА АҲАҚЬЫМ ХАДАС ДҞАҴОУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә санитар-епидемиологиатә Маҵзура аколлектив анапхгаҩы ҿыц Алла Иван-иԥҳа Белиаева дыдирдырит.
«Алла Иван-иԥҳа, Шәара иахьарнахыс напхгара ашәҭалоит акыр идуу, зажәеи зуси еимадоу аколлектив. Ҳара ҳаицхырааны асанитар-епидемиологиатә Станциа аусура даҽа ҩаӡарак ахь ицәыраҳгароуп. Шәара зеиӷьаҟам ала ижәдыруеит агәабзиарахьчара Аминистрра ала шәаԥхьа игылоу ауснагӡатәқәа ртәы. Акоронавирустә ҿкы чымазара макьана инымҵәаӡацт, адунеи зегьы аҿы уи ацәырҵрақәа маҷӡам, агәҽанызаара армаҷра ахәҭаӡам. Шәара ари аус аҿы ззанааҭ шьахәлаҵәҟьа издыруа уаҩуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр
АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амш 30 шықәса ахыҵит.
Шьыжьы инаркны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа инапхгарала Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа Аҟәа, Ахьӡ –аԥша апарк аҿы игылоу, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
ГАЛ АРАИОН АХАДАРА АУААԤСЫРА ЕГРЫ АӠИАС АҨАӠАРА АШЬҬЫҴРА АЗЫ РГӘЫРҼАНЫРҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақәоурақәеи Егры аӡиаси уи аӡымахәқәеи рҿы аӡы аҩаӡара акыр ашьҭыҵреи инарымаданы, Гал араион Ахадара ауааԥсыра аӡиас азааигәара имнеирц, агәҽанызаара аадырԥшларц азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Гал араион аҳәаа иаԥну аиланхарҭатә ҭыԥқәа рҿы Егры аӡиас азааигәара иҟоу ахархәаратә аарыхырҭақәеи арахәҳәырҭақәеи ақәаарыхырҭақәеи ахьырацәоу инамаданы, аӡхыҵра иахҟьаны адгьылҳәазареи аҿыбгареи ҟалар алшоит. Уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи арахәи рзы хымԥада ашәарҭара ацуп.
ЕДУАРД БЫҬӘБА АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АУСУРА ГӘЕИҬЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.
Аҵыхәтәантәи амызқәа ирылагӡаны ари амедицинатә усбарҭа аҿы агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны, иара убас ахатәы мчқәеи рыла имаҷымкәа аиҭашьақәыргыларатә усурақә мҩаԥган, иҿыцу аиқәыршәагақәа аахәан, аштат аиҵатәра, уҳәа алыршахеит.
БАҬАЛ КАЦИА АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АХӘЫШӘТӘРА-ПРОФИЛАКТИКАТӘ УСБАРҬА АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Кациа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә Усбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аколлектив ахәышәтәра-профилактикатә Усбарҭа аколлектив анапхгаҩы ҿыц Баҭал Реваз-иԥа Кациа дыдирдырит.
«Шәара агәабзиарахьчара асистема аҿы аусуратә ԥышәа ду шәымоуп, сара агәра ганы сыҟоуп иҿыцу амаҵураҭыԥ аҿы Шәара Аминистрра аусура аҿы ацхыраара шашәҭо»,- ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 70- шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ишәыдысныҳәалоит шәира Амш. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи ахирреи!
Ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә интересқәа рыхьара аус аҿы Шәара иаашәырԥшуа ахьаҳәхьачарада, аполитикатә ахарахәыцра, иԥышәоу, иуадаҩу аӡбамҭақәа рыдкыларала урыстәылатәи ажәлар рыхьчара, иҭышәынтәалоу атәыла аҿиара алыршахоит. Еилаҵәоу, милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар Шәара шәнапхгарала аглобалтә қәыӷәӷәарақәеи ашәарҭарақәеи рҿагылара рылшоит.
«ЗЕГЬЫ РАԤХЬА УЗЫМГЫЛАРГЬЫ, ЗЕГЬЫ УРЕИӶЬХАРЦ УЛШОИТ»: АЖУРНАЛИСТ КИРИЛЛ ВЫШИНСКИИ АԤСНЫТӘИ ИКОЛЛЕГАЦӘА РЗЫ АМАСТЕР-КЛАСС МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҿы Жәларбжьаратәи аинформациатә Агентра «Урыстәыла иахьа» анагӡратә директор Кирилл Вышински ареспублика амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рзы амастер-класс мҩаԥигеит. Амастер-класс атема: «Ажәабжь ҿыц арепортаж даара аинтерес аҵаны иҟаларц азы иҟаҵатәузеи. Афырхаҵа дызлаху асиужет».
Еицырдыруа ажурналист ҳаамҭазтәи ажәабжьҿыцтәи ажурналистика аҿы акырӡа аҵанакуеит излауа ала ирццакны адырраҭара аҟаҵара, аха зегьы раԥхьа уи аҟаҵара есымша изалыршахом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ус анакәха зегьы иреиӷьны адырраҭара хымԥадатәиуп, даҽакала иуҳәозар, зегьы еиҭарҳәахьо ажәабжь зегьы раасҭа аинтерес аҵаны азнагара алыршатәуп.
Кирилл Вышински иажәақәа рыла, аинформациатә репортаж акырӡа аинтерес аҵалоит уи зхатәы ҭоурых еиҭазҳәо афырхаҵа далагалазар, избан акәзар, ауаа реиҳараҩык рзы зегьы раасҭа аинтерес аҵоуп, ус иуҳәар алшозар, «ацаԥха ҭаҵарҭа ала» егьырҭ рышьклаԥшра.
АԤСНЫ АНАПХГАРА ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АФЫРХАЦӘА РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысит 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа.
Иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.