АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 12 рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымразы» Акт рыдыркылеижьҭеи 23 шықәса ҵит.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар ари акыр зҵазкуа арыцхә инамвданы дрыдныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа ҳтәыла аҵак ду змоу арыцхә азгәанаҭоит. 23 шықәса раԥхьа ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт

1999 шықәса жьҭаарамза 12 рзы атәылазы аҭоурыхтә ҵакы змоу адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Сократ Џьынџьал, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Ари ахҭыс аԥхьа, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥган ареферендум, уи алҵшәақәа рыла 97,7% Аԥсны атәылауаа аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иақәшаҳаҭхеит, 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз. «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт адкылара Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵаразы ақәԥараҿы акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит.

Ажәлар ргәаҳәара шьаҭас иаҭаны, уи аҟны ишьақәырӷәӷәан, иагьрылаҳәан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Апрокуратура заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәыԥҩык ауаа дрыцны гәҭакыла Арӡынба Қьамал Нодар-иԥа ишьра азы ахарадҵа зду  Ԥлиа Баҭал Нодар-иԥа иганахьала заанаҵтәи аусеилыргара хнаркәшеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысыз аныҳәатә еилатәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәиу арратә хьыӡқәа ранеишьеит атәылахьчара Аминистрра аусзуҩцәа гәыԥҩык.

Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, изаамҭанытәиу арратә хьӡы «аполковник» ианашьоуп аподполковник атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, арратә морал-психологиатә зыҟаҵара аусбарҭа анапхгаҩы – Џьоџьуа Роланд Владимир-иԥа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахьа дидикылеит змаҵуратә уалԥшьа анагӡара хзыркәшаз Натан Реиес имыцхәрас иҟарҵаз Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц  Родриго де Резенде.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ԥыхьатәи ахада   аԥыза-министр иҭабуп ҳәа еиҳәеит «атәыла анапхгара Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа есымша ианаҭоз ацхыраареи адгылареи рзы», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иира Амш инамаданы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа! 

 Шәара шәыԥсҭазаара аофицер гәымшәа изы иҿырԥшыганы иҟоуп. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны Шәара ҭакԥхықәра дула шәрызнеиуан шәнапы ианыз аҳасабтәқәа, есқьынгьы алҵшәа дуқәа раарԥшра шәылшон. Шәара шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара шәшазыҟоу, шәыпрофессионализм, азҵаарақәа рыӡбараҟны хьаҳәа-ԥаҳәарада аус шәазнеишьа хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵзуразы иҿырԥшыга бзиоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы  Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ианашьоуп  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵра» иазку амедаль.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Аслан Бжьаниа ианеишьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵра» иазку амедаль.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхеит 1990 шықәса инаркны 2022 шықәса жәымз ирылагӡаны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика адиаграмма. Аинформациа ыҟаӡам мацара 1992 – 1993 шш. рзы. Убас, 1990 шықәса рзы  428 амҩатә машәыр хҭыс ҟалеит, урҭ рҿы иҭахеит  156-ҩык, 451-ҩык  еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.  

Аибашьрашьҭахьтәи Аԥсны зегьы реиҳа амҩатә машәыр ҟалеит 2015 шықәсазы – 220 хҭыс.

Иара убри ашықәсан 327- ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.

Аиҳарак авариақәа рҿы иҭахеит 2016 шықәса рзы – 80-ҩык.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада  жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамзазы иҟаз ақәыршыҩқәа ирхырҟьаны Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭа инамаданы, араион ақыҭақәа дырҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Маркәыла, Очамчыра ақ. Дырҭааны ибеит. Уи ицын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион  Администрациа ахада Беслан Бигәаа, ШЬАУ аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Арҭ аиланхарҭа ҭыԥқәа рыҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа аӡәӡәеит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәа акыр аԥхасҭа роуит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.