Ари аурыс ҷыдаҟазашьа змоу, аурыс иумор зныԥшуа аурыс рҿиамҭа арежиссиори актиорцәеи аԥсуацәа ахаҵаны аарԥшра рҽазыршәеит. Уи зеиӷьыҟам ала ирылшеит. Амилаҭқәа зегьы дара рхатәы иумор шрымоугьы, араҟа имҩаԥысуаз аиҭагара адагьы заманалаҵәҟьа еилукааратәы иҟан. Аԥсуа театр актиор ҟазацәа Маиа Џьыкырба, Гарри Џьынџьал, Гәыда Ажьиба, Есма Кәыҵниа, Гәыдиса Ҭодуеи Леон Кәыр-огли афеериатә ҟазшьа аҭаны ррольқәа нарыгӡеит, уи иабзоураны апиеса ихадоу ахшыҩҵак ахәаԥшыҩ иҟынӡа цәыӡда инаӡеит. Иара еижьаганы имариоуп, аха акыр иуниверсалтәуп, актуалрагьы аҵоуп: иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аҵак ду амоуп аӡәи аӡәи реизыӡырҩра, арыцҳеибашьареи аӡәы ихьаа аганахь авамсреи.
Ароль хадақәа руак назыгӡоз Гәыдиса Ҭодуа аԥхьарбараанӡа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо абас иҳәеит:
«Аԥсны макьаназы ҳара иааҳакәыршаны иҟоу рахь ахшыҩзышьҭреи агәцаракреи раарԥшра ҳҽазаҳшәоит, аха иагьа ус иҟазаргьы, узызхәыцша рацәоуп. Сара сгәаанагарала, ахала аҟазаареи хи-ԥси мацара рзы адәы ақәзаареи, - уи даара ихәарҭам усуп».
P.S. Ахәаԥшцәа рыла иҭәыз азал абара, гәыкала аччабжь аҳареи актиорцәа ргәыхыҭхыҭра анырреи шаҟа игәыҟаҵагахазеи. Аспектакль бзиаӡа ҳзырбази здаҟам атәыла амилаҭтә театр хымԥада аиҭарҿиара шыҟало азы агәрагареи ҳазҭаз ақәыргыларатә гәыԥ зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ас еиԥш ахҭысқәа уанрыхәаԥшлк ашьҭахь, уи убасҵәҟьа ишыҟало азы агәыҩбара узцәырҵӡом.