2023 шықәсазы акурорттә сезон аҽазыҟаҵара;
2023 шықәсазы акурорттә сезон аламҭалазы апроблема зцу азҵаарақәа ралкаареи урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаареи.
Аилацәажәара иалагаанӡа аԥсуа ган ахаҭарнакцәа урыстәылатәи рколлегацәа ирыднагалеит 2022 шықәсазы акурорттә сезон иалагӡаны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ аиагара азы астатистикатә дыррақәа. Аԥснытәи аган 2023 шықәсазы акурорттә езон азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ақәыӷәӷәара армаҷра алзыршо азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Азҵаарақәак рыла конкретла аӡбамҭақәа рыдыркылеит.
Аусуратә еиԥылара ахыркәшамҭаз уи алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә маҵзурақәа русеицураҿы хра злоу аиҭакрақәа шыҟоу умбарц залшом ҳәа иазгәарҭеит.