АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара аҿы Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас иалырхит  Екатерина Адлеибеи Беслан Берулааи. Екатерина Адлеиба лалхра азы рыбжьы лырҭеит 32-ҩык адепутатцәа.  Беслан Берулаа изы- 26-ҩык адепутатцәа, 6 – мап ркит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра ақәыршаҳаҭрала, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис аҟәатәи ашколқәа хԥа (ашколқәа №5, №1,  Аԥснытәи алицеи-интернат) ахимиеи афизикеи абиологиеи рзы алабораториақәа реиқәыршәагақәа ҳамҭас ирырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.

Зынӡа Еиду амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгылеи азанааҭ-техникатә ҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳара иазкны еицынарыгӡоз апроект аҳәаақәа ирҭаганы, ЕАР ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аԥсны ашколқәа жәаба афизикеи ахимиеи абиологиеи рзы алабораториақәа реиқәыршәагақәа рыла еиқәнаршәеит.

Иара убас аматематикатә цикл иаҵанакуа амаҭәарқәа рырҵаҩцәа – апроект алахәылацәа 2021-2022шш. ирылагӡаны  СТЕМ-азнеишьа ала амаҭәарқәа дырҵара аметодика азы азыҟаҵаратә семинарқәа ирхысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 - 16  рзы Аҟәа ақалақь аҿы астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аклубтә чемпионат «Иреиҳаӡоу алига» аҩбатәи атур мҩаԥысуан, ҳәа иаанацҳауеит Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ачемпионат рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, иара убас иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рҟынтәи аа-командак.  

Актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит Аҟәатәи акоманда (Ренат Карчаа, Лаша Давитаиа, Викториа Полушина), аҩбатәи аҭыԥ –  Аԥснытәи аҳәынҭқрратә университет акоманда (Наур Карчаа, Нарт Ӡаԥшьба, Анна Егорова, Руслан Кешебиан), ахԥатәи аҭыԥ –  Очамчыратәи аспортсменцәа (Алеқсандр Скиделло, Софиа Серафимова, Инал Сабекиа), аԥшьбатәи аҭыԥ ааныркылеит Ҭҟәарчалтәи акоманда (Мераб Абхазаа, Артиом Филимонов, Нинель Чалукиан).

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь имҩаԥигаз аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба, АА Аконтрольтә палата Аппарат анапхгаҩы Владимир Лакербаиа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4 инақәыршәаны, Роберт Аршба адепутатцәа рыҟны ицәыригеит Аконрольтә палата аныҟәгаразы 2023 шықәсазтәи абиуџьеттә харџьынҵа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ирыцнаҵоит. Уажәазы аусурақәа хыркәшоуп Гәлиа имҩа, «Аԥсныфармациа» азааигәара иҟоу ашьаҟамҩа аҿы. Џьонуа имҩала аусурақәа ирыцҵахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.

Гәлиа имҩа аҟынтәи Арӡынба имҩа аҟынӡа аусурақәа хыркәшоуп, Аиааиреи Лакобеи иемаздо амҩа ахәҭак аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа Аԥсны аус ауеижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы инагӡаз аусура аихшьаалақәа мҩаԥган, иара убас еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ахада ҿыц Родриго де Резанде. Уи  ари агәырӷьаратә мшы азы иколлегацәеи аныҳәа иаҭааз асасцәеи рыгәҭа аҟазаара гәахәара дула ишидикыло азгәеиҭеит, иара убас аиҿкаара агуманитартә зҵаарақәа рыӡбараан агәырӷьаразы еиҭа амзызқәа аҟлап ҳәа агәыӷра шимоу ааирԥшит.

Анаҩс дықәгылеит Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанба. Уи еизаз ирзеиҭеиҳәеит инагӡоу апроектқәа ртәы. Урҭ иреиуоуп:

– аполиклиникақәа хәшәыла реиқәыршәареи ашьалаҵара астанциақәа ирыхәҭоу аиқәыршәагақәа рыла аибыҭареи;

–  зматериалтә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы агуманитартә крыфарҭақәа реиҿкаара; 

– ахьырхәратә система, амедицинатәии аӡбара-медицинатәи аструктурақәа агуманитартә цхыраара рыҭара;

– хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә аилкаара;

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала, анапгаҩцәа ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналистка Милана Ҵәыџьба Аԥсны ААР Амедиацентр Акоординаторс дҟаҵоуп.

Милана Ҵәыџьба Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи Аекономикатә Университет  (ақ. Москва, Урыстәыла) азанааҭҵара «афинансқәеи акредити» ала иреиҳаӡоу аҵара далгеит.  Анапхгаҩ ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналисткас, иара убас асоциалтә платформа «Аԥсны Аԥеиԥш» алахәылас дыҟоуп. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны 100 шықәса инареиҳаны зҵазкуа аамҭахәҭа иалагӡаны еизгоуп 250 нызықь инареиҳанны аҵәахразы инагоу аекспонатқәа. Ҳара  амузеи хазы игоу аекспонатқәа рылацәажәара иацаҳҵоит. Ари аматериал абжьаратәи ашәышықәсақәеи ажәытәӡатәи аҭоурыхи рыҟәша аҟынтәи артефакт –  Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы иԥшааз анышәаԥшь иалху амкьаҭ иазкуп.

Амкьаҭ 2009 шықәса рзы археолог А.В. Белошеев Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит. Уи амкьаҭ иԥшааит 1992 шықәсазы Ҟарачы-Черкьессиа аҳәаа  иаԥну Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы.

Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ари аекспонат атәы еиҭеиҳәеит.

Амкьаҭ арԥшьшьаратәуп, ацәҩежь-цәҩабжь ԥштәы змоу анышәаԥшь иалхуп. Амкьаҭ ииаалоу амаақәа аман, урҭ рыхәҭак ыӡхьеит. Анышәаԥшь аӡа аҿы хцәаҳәакны ианԥыҟҟалаз илақьҭо аформа змоу аорнамент убаратәы иҟоуп. Амкьаҭ «ажәҩахырқәа» рыла ҩ-цәаҳәакны ицо  иара убас анышәаԥшь аӡа аҿы нацәхыԥла иҟаҵоу аҭарҽыларақәа рыла арӷазда алдоуп. Амкьаҭ ахәы аҟаҵашьагьы даара аинтерес аҵоуп: уи ҟаҵоуп ипоу, здиаметр 1,5 см. рҟынӡа инаӡо, еиԥшны иаакәыршаны еихаԥсоу, анышәаԥшь иалху амахәаҷа асахьа змоу ауалырмаҟақәа рыла. Адәахьала урҭ илгәыгәны иҟоуп, ахыхырҷара еиԥшуп, аха аҩныҵҟала – еизаданы иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала Владимир Ачба ААР Аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп.

Владимир Ачба икомпитенциа иаҵанаклоит аминистрра аҿы асистема KPI (аеффективра арбага хадақәа)  аус рыдулареи ралагалареи.

Ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа зегьы есымчыбжьатәи рхыдҵақәеи русура ахықәкқәеи рызнагахоит. Иара убас  адәныҟа-политикатә Хылаԥшырҭа  аусзуҩцәа зегьы есымчыбжьатәи русура аҳасабырбара асистема алагалахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Викториа Маланиа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнакыс дҟаҵоуп.   

Викториа Маланиа амаҵуратә ҭакԥхықәраны илыдҵахоит ауаажәларреи амассатә информациа ахархәагақәеи актуалра злоу амшхәаԥштә зҵаарақәа рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициақәа рзы адырра рыларҵәара.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.