АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Лаҵара.2023

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны инхо аурыс џьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә еидгылареи аветеранцәа ирыдныҳәалоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны инхо аурыс џьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә еидгылареи рхаҭарнакцәа  Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амшныҳәа рыдырныҳәалоит. 

Лаҵарамза 4 рзы урҭ ирҭааит Ԥлиа Иван  Ҷыҷыкәа-иԥа, Шаров Григори Пиотр-иԥа, Шьониа Алеқсеи Иосиф-иԥеи Шульгина Валентина Ефимовнеи.

Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа аибашьра аветеранцәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы рырҭеит, дара рыбзоурала иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит, агәабзиареи ашықәнҵыра дууи рзеиӷьаршьеит.

«Ҳветеранцәа даара асасдкылара аарԥшны ибзианы ҳрыдыркылеит, гәык-ԥсыкала иҳацәажәеит. Урҭ гәахәарыла иаҳзеиҭарҳәеит дара злахәыз аибашьра ахҭысқәа ртәы. Аветеранцәа агәра ганы иҟоуп дара ианрааз зегьы ирзеиԥшыз Аԥсадгьыл шырыхьчаз еиԥшқәҟьа, уажәтәи абиԥарагьы  аиааира агара шрылшо!» – ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҿартә еиҿкаара «Аҿар раамҭа»  ахантәаҩы Геннади Кожухарь.   

 

 


Read 292 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.