Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәаша, лаҵарамза 5 рзы, Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы аҭоурыхтә викторина «Арҭ амшқәа рыхьӡ кашәара ақәым» мҩаԥысит.
Авикторина Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа, иара убас Аҟәа ақалақь рҟынтәи аа-командак рхы аладырхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.
«Иахьа имҩаԥааго аҭоурыхтә викторина ахықәкы хаданы иҟоуп аҵаҩцәа рыбжьара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурых азы рдыррақәа реизырҳара адагьы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхарагьы», – ҳәа илҳәеит Москва ақалақь аҳәынҭқарратә автономтә усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа агуманитартәи аусуратәи рымадара Ацентр –Москватәи аџьынџьуаҩ Иҩны» аҿга – «Аҟәа иҟоу Москава Аҩны» аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара асектор анапхгаҩы Мариа Соиа.
Аӡбаҩцәа реилазаара иалалеит: аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рдоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша аиҳабы Аслан Аҩӡба (ажиури рхантәаҩы), аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ Сослан Салаҟаиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуҩ Геннади Ҵулаиа.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥигон В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҭоурых аҟәша анаукатә усзуҩ Николаи Медвенски.
Аинтеллектуалтә еицлабрақәа раан ашколхәыҷқәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых азы ирымоу адырра шаҟа иҭбаау ддырбеит. Авикторина азҵаарақәа еихшан х-блок рыла – аибашьра зыхҟьаз, аибашьреи уи ахҟьаԥҟьақәеи.
Авикторина аихшьаалақәа рыла I аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ақалақь акоманда, аҩбатәи I аҭыԥ – Гәдауҭатәи акоманда, ахԥатәи I аҭыԥ – Ҭҟәарчал акоманда.
Аиааира згаз аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы афинанстә цхыраара ҟарҵеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь жәларбжьаратәи аекономикабжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент, Москва ақалақь аҳәынҭқарратә автономтә усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа агуманитартәи аусуратәи рымадара Ацентр – Москватәи аџьынџьуаҩ Иҩны» аҿга – «Аҟәа иҟоу Москава Аҩны». Прочитано 111 раз. Последнее изменение 05.05.2023.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/5202-v-dome-moskvy-proveli-istoricheskuyu-viktorinu-etikh-dnej-ne-smolknet-slava.
© АПСНЫПРЕСС.