Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аԥсабара зықәшәаз аекологиатә рыцҳарақәа иреиуахеит ашыцмца ҳәа изышьҭоу аҵиаа аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа хкы.
Митәык улаҿы имааиуа аԥарԥалыкь хәҷы Аӡынтәи Аолимпиада аҽазыҟаҵараан аҵиаа еиҭаҳатәқәа ирыланы Шәачаҟа иааргаз, шықәсқәак рыла колхидатәи ашыц даара ааха ӷәӷәа анаҭеит. Риҵаҟа инагоу амҩа иаваршәны ицо ашыц зқәыиааз ацәаҳәа заҵәык ауп иаанхаз.
Акыр ирацәаны ацәажәарақәа ыҟан агхақәа рыҟазаареи урҭ мзыс ирымоуи рганахьала: араҟа абиурократиатә аппарат аусура аҿы аласымреи зыҩаӡара лаҟәу атехникатә базеи, уҳәа Аԥсны адагьы егьырҭ аҭыԥқәа рҿы изызҳауаз аҵиаа хкы ақәӡаара зыхҟьаз амзысқәа.
Усҟан ашыцтә бнара ҳзымыхьчаргьы, ианамуӡах иара аҵиаа хкы аиқәырхара ҳалшарыма ҳәа азҵаара ықәгылеит. Ари ахықәкы анагӡаразы 2020 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы Апрограмма ацхыраарала Аԥснытәи абнаҭҵааратә ԥышәатә станциа абаза ала иаартын аҵиааӡарҭа. Уаҟа ашыц аиҭарҿиаразы еиуеиԥшым аԥышәақәа мҩаԥган.
Иахьа, уажәшьҭа агәра ганы иуҳәар алшоит ари асистема аус ауеит ҳәа. Еизгаз раԥхьатәи ажәла, ҭагалан 2020 шықәсазы еиҭаҳан. Урҭ шьҭа ахылҿиаа аиуит. Есымша Аԥсны абнаҭҵааратә аԥышәатә станциа (АбНИЛОС) ажәлақәа апартиа ҿыцқәа ларҵоит. Ашыц ажәла аҟынтәи ааӡара– акыр имариам, аҽадцалара зҭаху усуроуп, иара аԥсабараҿгьы ажәлақәа ахы аҵхра митәык иманшәаланы имҩаԥысӡом, акыраамҭа иадхалоит.
Ԥсабарала ари аҵиаа абжьааԥны иахьазҳауаз аҭыԥқәа рҿы ажәашықәсақәа ирылагӡаны ажәлатә материал маҷымкәа еизеит. Аха аҵыхәтәантәи шықәсык-ҩышықәса рыла ауп ҳара џьара-џьара аҵиаа активла ахы алгара иалагеит ҳәа адырра ҳауо иалагеижьҭеи.
Иаанагои уи? Пицунда алаҟәырақәеи егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы иқәӡааз ашыц бна ақәгара аҭахӡам ауп уи иаанаго. Аԥсабара амеханизмқәа рыла урҭ реиҭарҿиара азы ашанс шыҟоу умбаратәы залшом.
Ауаҩы мацара иарбоу азҵаараҿы ацхыраара иҽазишәар илшоит.
Абри атәы Феисбук имоу адаҟьа аҿы иҩит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аусзуҩ Михаил Қриа.