
pressadmin-2
АИУБИЛЕИ АЗГӘАҬАРА ИНАМАДАНЫ ААУ АШҬАҾЫ АҴЛА ЕИҬАРҲАИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афоие аҿы аус аура иалагеит ААУ аҟазара аҟәша, сынтәа инаркны аҟазара афакультет ала есышықәа еиҿкаахо VII Жәларбжьаратәи арт-планер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2022ш.» иалахәыз русумҭақәа рцәыргақәҵа.
ЛАША АШӘБА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕПУТАТ ОЛЕГ СМОЛИН ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи, иреиҳаӡоу аҵараиуреи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Олег Смолини реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин, Агуманитартә ҭҵаарақәа ракадемиа ахада Хачатур Мариносиан.
ИВАН ҬАРБА, ВАЛЕРИ БИГУААИ СУРАМ САҚАНИЕИ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН III АҨАӠАРА РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Анаукатә усура аҿы илагалеи, анаука-практикатә усура активла ахалахәреи, иара убас ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара аҿы рааԥсареи рзы аорден «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:
- афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа.
БЕСЛАН ҶКАДУА АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь ииасра инамаданы, Аҳәынҭқарратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
АЛИК ГАБЕЛИА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АНАУКА АУСЗУҨ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ аҭоурыхдырратә факультет адекан Алик Габелиа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.
«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы анаука-практикатә усуреи ззанааҭтә дырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵареи рзы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит аҭоурыхдырратә наукақәа ркандидат, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхдыррақәа рфакультет адекан, аҭоурых, археологиеи аетноглогиеи ракафедра адоцент Габелиа Алик Николаи-иԥа», – ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аҿы.
28-ҨЫК ААУ АУСЗУҨЦӘА “АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ ИРЕИҲАӠОУ АШКОЛ АУСЗУҨ” ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз Иреиҳаӡоу ашкол аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Арҵаҩратәии анаукатәи аусуреи ззанаааҭҭтә дырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵареи аҿы рлагала ду азы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз Иреиҳаӡоу ашкол аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа:
АБЫХӘБА Андреи Мусҭафа-иԥа - адоцент;
АИБА Ельза Алеқсандр-иԥа – аиатә наукақәа ркандидат, адоцент;
АҲӘБА Лариса Оҭар-иԥҳа – абиологиатә наукақәа ркандидат адоцент;
АНУА Ринетта Гьаргь-иԥҳа - апедагогикатә наукақәа ркандидат, адоцент;
БЕБИА Сергеи Михаил-иԥа – абиологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор;
БӶАЖӘБА Олег Хәыхәыҭ-иԥа – аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор;
АҨАРДАН Гәыдиса Ирадион-иԥа – аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, адоцент;
ГӘЫМБА Раиса Максим-иԥҳа – алагарҭатә ҵара апедагогикеи аметодикеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы;
ГӘЫБЛИА Раиса Константин-иԥҳа – афилологиатә наукақәа ркандидат, пҳаҭыр зқәу апрофессор;
АБЕЛИА Лаша Сергеи-иԥа - адоцент;
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ААУ 90 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКЫЗ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:
Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, аҵарауаа, астудентцәа, аспирантцәа. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ԥшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра!
Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы ауниверситет алагала даара иҳаракуп. Аҵара - лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп. Аҿар анаҳааӡа, адырра ҳаракы анраҳҭа, ҳԥеиԥшгьы лашахоит.
ИНАЛ АРӠЫНБА АЛЕГ БОЦИЕВИ ВАДИМ ТЕДЕЕВИ ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба жьҭаара 14 рзы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Тедееви идикылеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аинтерес ззеицрымо азҵаарақәа рганахь ала.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИН ДИДИКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азимчы змоуи Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә еимадара жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу иактуалтәу азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәан арратә усхк аҟны иҷыдоу амаҵзурақәа русура аиҿкаара иазку ахықәкы.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АБИЗНЕС УААЖӘЛАРРА АХАҬАРНАКЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абизнес -уаажәларра ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит
Аиԥылара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада анаплакҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа уадаҩ ҳанҭагылоу аамҭазы атәылазы еснагь иҟарҵо ацхырааразы.
«Аҿкычымазара аан иҟашәҵаз ацхыраара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Шәара ацхыраара рышәҭоит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау. Шәрыцхраауеит аспортсменцәа, артистцәа, абаҩхатәра злоу ауаа. Атәыла аҧсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы активла шәрылахәуп. Иахьагьы шәазхиоуп атәыла ашәарҭадара арӷәӷәара адгылара аҭара. Шәара иҟашәҵо иаанарԥшуеит иҵаулоу апатриотизмра",- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Анаплакқәа рхаҭарнакцәа азыӡырҩит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, атәылаҿы амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аусуратә гәыҧ анапхгаҩы Сергеи Пустовалов иажәахә. Аԥыза-министр далацәажәеит имҩаԥгоу аусурақәа ртәы, ҷыдала, дазааҭгылеит ҳазҭагылоу аамҭазы ар атехникатә мыругақәа рыла реиқәыршәара азҵаара. "Аусуратә гәыԥ иацнаҵоит иазыԥҵәоу аҿҳәара инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны амобилизациатә зыҟаҵара иазку атәыла анапхгара аконцептуалтә жәалагалақәа рыдгалара», - ҳәа иҳәеит иара.
Анаплакҩцәа иазгәарҭеит арбџьар мчқәа ирыгу-ирыбзоу аус аҟны еснагь адгылара аарҧшра ишазхиоу. «Уԥсадгьыли ууажәлари рыдгылара - дарбанзаалак атәылауаҩ иуалуп», - ҳәа иазгәеиҭеит «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» реилазаара адиректор хада Николаи Ачба.