АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Новаки реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа  Аиҳабыра актәи аԥыза-министр Алеқсандр Новаки реиԥылара.

Арҭ амшқәа рзы аҳәынҭқарра Ахада  усуратә ныҟәарала Урыстәылатәи Афедерациаҟны дыҟоуп, актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәуп.

Аиԥылараан иалацәажәеит ареспублика афымцамчтә комплекс аҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара, иара убас актуалра змоу аԥсуа-аурыс усеицзура иазку азҵаатәқәа маҷымкәа.

Аиԥылара иалахәын аԥыза министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аминистр Мақсим Решетников.

 


Read 272 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.