АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Лаҵара.2023

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 78-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 78-шықәса ахыҵра  иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.  

Лаҵарамза 5, асааҭ 11:00 рзы – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы (С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа) акаҭран аҿы аҭыхымҭақәа рконкурс мҩаԥгахоит.

Лаҵарамза 6, асааҭ 11:00 рзы – акция «Агәалашәара Амца» - В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы амца амадара мҩаԥгахоит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 09:00 рзы – акциа «Агәалашәара Амца» - Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркра.

Лаҵарамза 9, асааҭ 09:00 рзы – Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҟынтәи амаршрут «Аҟәа – Гәылрыԥшь – Аҟәа ала иалагоит авеломҩасра «Иҭабуп Аиааиразы!

Лаҵарамза 9, асааҭ 10:00 рзы – Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара аныҳәатә церемониа алагоит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 11:00 рзы –  Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа аныҳәатә митинг мҩаԥысуеит.

Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Аԥсны атәылахьчара апарадтә гәыԥқәа  шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысуеит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 11:40 рзы  – Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа «Ԥсра зқәым аполк» аколонна аиасра мҩаԥысуеит. (Акциа «Ԥсра зқәым аполк»  иалаху реизгара мҩаԥгахоит асааҭ 10:00 рзы Ахақәиҭра Ашҭа апарк аҿы).

Лаҵарамза 9, асааҭ 11:50 рзы – Ахақәиҭра Ашҭа апарк аҿы Аҟәа ақалақь аҵаҩцәа аныҳәатә шьаҿеиқәашәала иасуеит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 15:00 рзы – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы Б. Шьынқәба ихьӡ зху аколоннада аҿаԥхьеи С Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьеи ашахматқеи ашашкақәеи астолтә ԥкьаҭмпыли абзиабаҩцәа рыбжьара атурнирқәа   мҩаԥысуеит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 16:00 рзы – С.Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьа аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 17:00 рзы  – С.Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьа иҟоу Б.Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы – ахәыҷтәы арлахҿыхратә программа еиҿкаахоит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 18:00 рзы – Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт «Амузыка абызшәала». Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә филармониа ансамбль «Романтик квартет», асолистцәа, Л. Зыкина лыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рансамбль «Россия» асолистцәа, аквинтет «Новый день», Москватәи асинодтә хор лыцны Урыстәыла жәлар рартистка Надежда Крыгина.  

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа, аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, акультура Аусбарҭа, атәылахьчара Аминистрра, акультура Аминистрра, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭаранакра.


Read 266 times - Аԥшьаша, 04 Лаҵара 2023 21:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.