АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2023

Едуард Быҭәба хәшәыла аиқәыршәара азҵаара иазкны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба хәышәыла аиқәыршәара азҵаара иазкны аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара рхы аладырхәит атыла агәабзиарахьчара Аминистрра апрофильтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа, ақалақьтәи араионтәи ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, иарбоу ахырхарҭа ахылаԥшра азҭо араионқәа рхадарақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд  ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашуа.

Хәшәыла аиқәыршәара амониторинг азы аҵыхәтәантәи аҳасабырбақәа инарықәыршәаны, амедусбарҭақәа рӷьырак амедицинатә препаратқәа рзоужьразы иҟоу алимит  иахысуеит. Убас ала Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи зда ихәарҭам ахәшәқәа рдефицит шьақәгылоит.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд анапхгаҩы Дмитри Ҭарба ишазгәеиҭаз ала, аполиклиникақәа рҳақьымцәа лассы-лассы адиагноз ашьақәыргыларада, мамзаргьы амедицинатә лкаақәа рыда ахәшәқәа рзоужьра азы арецептқәа ылырҩаауеит. Ас еиԥш апроцедурақәа раанкылара хымԥадатәиуп, ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Ҭарба.  

Уаанӡа анҭыҵтәи агәаҭарақәа хԥа мҩаԥган. Аилагарақәа маҷымкәа иаарԥшын. «Урҭ хымԥада ирҽеитәуп»,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

«Ҳара апациентцәа ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыла реиқәыршәара азы аресурсқәа зегьы ҳамоуп. Асиақәа зегьы астатистикатә рбагақәа рыла аспециалистцәа аус рыдырулоит. 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа хәшәыла реиқәыршәара – ари  абиуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа хадара злоу аҳәынҭқарратә программа ауп, убри аҟнытә хазы игоу аҳақьымцәа рыла аҭыԥқәа рҿы хаҭала уи акоррективақәа ралагалара ҟалашьа аманы иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр аҳақьым хадацәа аамҭа кьаҿ иалагӡаны доусы русбарҭақәа рҿы, ақалақьтәи араионтәи аполиклиникақәа рҿы Аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз хәшәыла аиқәыршәаразы аграфик ақәныҟәара ахымԥадатәра иазкны аилацәажәарақәа мҩаԥыргарц азы адҵа ҟаиҵеит.

«Агәабзиарахьчара Аминистрра арегионалтә программақәа рынагӡара амҩаԥысшьа  ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭалоит, амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра иазкны аусура нанагӡалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 293 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.