АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аԥсны аҭааразы ааԥхьара ииҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа «МинводыЭКСПО» аҳәаақәа ирҭаӷӡаны имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа реиԥылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев иҭабуп ҳәа еиҳәеит аԥсуа делегациеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аԥсны акультура амшқәа раан ахореографиатә коллективқәеи рыдкылара иаҵаз аԥхарразы.

«Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз адкыларазы. Ас еиԥш иҟоу аимадарақәа ирыцҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аҵак ду амоуп. Аҭагылазаашьа схы иархәаны Аԥсныҟа ааԥхьара шәысҭарц сҭахуп. Шәара ианшәзыманшәалоу шәыдкылара ҳазхиоуп», –ҳәа  иҳәеит иара.

Алан Гаглоев иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи лахьынҵак шрымоу, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәгылара мҩаԥысуан.

«Иҭабуп ааԥхьаразы. Сара сганахьалагьы, Аахыҵ Уаԥстәылаҟа шәнасыԥхьарц сҭахуп. Ауадаҩрақәа ҳхаҳгеит шәаргьы ҳаргьы, сынтәа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иазгәарҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала  ҳреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра. Ари арыцхә ҳара ҳзы даара аҵакы дууп, шәареи ҳареи ибзианы иаҳдыруеит аҭынч ԥсҭазаара иахҭынҵоу», - Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев.

Аслан Бжьаниеи Алан Гаглоеви аиашьаратәи аиҩызаратәи еимадарақәа рырӷәӷәареи рымҽхак арҭбаареи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

.

 

 

 


Read 296 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.