АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. I Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа зхы алазырхәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр Михаил Мишустин ари атәылаҟа ԥыхьатәи иҭаарақәа ртәы анигәалаиршәа ашьҭахь, Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәыла аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ аҿы усуратә ҭаарала иҟоу Михаил Мишустин, ахашаҽны Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аекспозициа даҭааит. Аԥсны астенд аҿаԥхьа ареспублика Ахада диҿцәажәо уи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡақәа – аӡиа Риҵа, Афонҿыцтәи аҳаԥы, игәалаиршәеит. Уи арҭ аҭыԥқәа имбеижьҭеи акыр ҵуеит ҳәагьы иазгәеиҭеит.   

Аслан Бжьаниа аӡиа Риҵа, иара убас егьырҭ аҭыԥқәа рҿы асоветтә напхгаҩцәа рҳәынҭқарратә дачақәа еиқәырханы ишыҟоу азгәеиҭеит. Уи урыстәылатәи аԥыза-министр ареспублика аҭааразы ааԥхьара ииҭеит. «Иҭабуп. Аԥсны даара иԥшӡоу,  убла хызхуа тәылоуп», - ҳәа Михаил Мишустин иажәақәа цитатас иаанагоит Урыстәыла аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иара убас зынагӡара азԥхьагәаҭоу аперспектива злоу апроектқәа ртәы еиҭеиҳәеит. Аслан Бжьаниеи Михаил Мишустини Аԥсны анагӡаразы иазԥхьагәаҭоу агазыркреи, атуризм аусхк аҟны егьырҭ апроектқәеи ирылацәажәеит.

Аекран аҟны ацәыргақәҵатә ролик дахәаԥшуа, Мишустин азҿлымҳара аиҭеит Аҟәа аҳаиртә баӷәаза.

«Ҳгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза аусура иалагоит ҳәа Шәара иашәҭо адгыларала», - иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Михаил Мишустин ихы иқәкны.

 

 

 


Read 334 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.