89 – ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
02.Лаҵара.2023
89 – ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа иҳасыз амчыбжьи аԥсшьарамшқәеи рзы имҩаԥыргаз апрофилактикатәи ареидтәи усмҩаԥгатәқәа раан 1691 амҩаҿы аныҟара аԥҟарақәа реилагара аадырԥшит. Урҭ рахьынтә 67 – автомашьынақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп. Автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра аҭыԥаҿы иаԥыхын.