
pressadmin-2
АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕҬ АЗЫ АЗАКӘАН.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Ареспубликатә биуџьеҭ азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
«Иарбоу азакәан апроект иҟоу абиуџьеттәии ашәахтәии азакәанԥҵара, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыӡбамҭақәа, аҳәынҭқаррабжьаратәии анапхгарабжьаратәии аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭарку ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи адефицити ршәагааи рыструктуреи ариашарақәа алазгало 2022 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абиуџьеҭ аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.
2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш шәагаа ахашәалахәқәа рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 12 150 159,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла уи аицҵалыҵ – 13 555 193,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит еиҵатәоуп 1 405 033,5 нызықь мааҭ рыла.
Зыдгалара мҩаԥгоу азакәан апроект аҿы Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа 9 763 649,9 нызықь мааҭ рҟынӡа аилыркааратә риашара алагалоуп.
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иззыԥшу ахашәалахәқәа рынагӡара ахәшьара аҭарала иазԥхьагәаҭоуп 351 417,6 нызықь мааҭ рҟынӡа иназыцҵоу ахатәы хашәалахәқәа ралагалара. Убас:
– Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иҭыжьхо атауарқәа, инагӡахо аусурақәа, амаҵзурақәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (НДС) аҳасабала 166 000,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
– Аԥсныҟа ииагахо атауарқәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә аҳасабала 104 971,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
–адәныҟаеконоикатә усура аҟынтәи ахашәалахәқәа раҳасабала 22 098,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
– аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала 22 022,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛҨЫРАТӘ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» Азакәан апроект. Иара убас, актәи аԥхьараан «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» ақәҵара рыдыркылеит.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.
Азакәан апроект «Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара аобиектқәа 2015 – 2017шш. аҳәынҭқарратә кадастр аԥҵара азы Апрограмма» ашьақәырӷәӷәара» азы Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵареи, иара убас 2015 – 2017шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵара Аконцепциеи рынагӡара азы аус адуланы еиқәыршәахеит.
Азакәан апроект аинформациатә системақәа рхархәаралагьы уахь иналаҵаны, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи рзы агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рҭышәынтәалара алнаршоит.
2025 шықәсанӡа агравиметриатә каҭа аԥҵареи, анаҩс уи ашәарақәа риашаԥҵәара аизырҳара азы ареспубликатә геодезиатә шьаҭа аилазаара алагалареи рзы адгалара мҩаԥган. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аус ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иацҵаны афинанстәра аҭаххоит.
Азакәан апроект аус адулараан агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи рынагӡара азы атехникатә документациа аҟамзаара инамаданы, уи ашьақәырӷәӷәара мҩаԥысаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рынагӡараан зынагӡара хымԥадатәиу ашәарақәа риашаԥҵәара ҳәаақәызҵо адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рнорма-зинтә шәҟәынҵақәа рсиа алкаара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аметрологиа аусхкы аамҭаԥҵәа шьақәзыргыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылареи, иара убас агеодезиатә еиқәыршәагақәа ргәаҭара амҩаԥгара азы аккредитациа змоу аиҿкаара аԥҵареи ҟалаанӡа, иарбоу азакәан апроект ала адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи еиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵара инақәыршәаны ирыҭоу, мамзаргьы агеодезиатә шәарақәа назыгӡо рыла ирыҭоу агәаҭара (акалибровка) азы аршаҳаҭгақәа разхаҵара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса иахымгакәа уаанӡа аҭыӡҭыԥ занашьамыз, иҟоу аобиектқәа аҭыӡҭыԥқәа рыҭара азы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.
Иарбоу азакәан адкылара Аԥсны иахьаҵанакуа анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи уахь иналаҵаны, агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рымҩаԥгараан ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа азакәантә шьаҭала рҭышәынтәалара алнаршоит.
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛҨЫРАТӘ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» Азакәан апроект. Иара убас, актәи аԥхьараан «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» ақәҵара рыдыркылеит.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.
Азакәан апроект «Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара аобиектқәа 2015 – 2017шш. аҳәынҭқарратә кадастр аԥҵара азы Апрограмма» ашьақәырӷәӷәара» азы Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵареи, иара убас 2015 – 2017шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵара Аконцепциеи рынагӡара азы аус адуланы еиқәыршәахеит.
Азакәан апроект аинформациатә системақәа рхархәаралагьы уахь иналаҵаны, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи рзы агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рҭышәынтәалара алнаршоит.
2025 шықәсанӡа агравиметриатә каҭа аԥҵареи, анаҩс уи ашәарақәа риашаԥҵәара аизырҳара азы ареспубликатә геодезиатә шьаҭа аилазаара алагалареи рзы адгалара мҩаԥган. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аус ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иацҵаны афинанстәра аҭаххоит.
Азакәан апроект аус адулараан агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи рынагӡара азы атехникатә документациа аҟамзаара инамаданы, уи ашьақәырӷәӷәара мҩаԥысаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рынагӡараан зынагӡара хымԥадатәиу ашәарақәа риашаԥҵәара ҳәаақәызҵо адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рнорма-зинтә шәҟәынҵақәа рсиа алкаара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аметрологиа аусхкы аамҭаԥҵәа шьақәзыргыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылареи, иара убас агеодезиатә еиқәыршәагақәа ргәаҭара амҩаԥгара азы аккредитациа змоу аиҿкаара аԥҵареи ҟалаанӡа, иарбоу азакәан апроект ала адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи еиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵара инақәыршәаны ирыҭоу, мамзаргьы агеодезиатә шәарақәа назыгӡо рыла ирыҭоу агәаҭара (акалибровка) азы аршаҳаҭгақәа разхаҵара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса иахымгакәа уаанӡа аҭыӡҭыԥ занашьамыз, иҟоу аобиектқәа аҭыӡҭыԥқәа рыҭара азы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.
Иарбоу азакәан адкылара Аԥсны иахьаҵанакуа анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи уахь иналаҵаны, агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рымҩаԥгараан ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа азакәантә шьаҭала рҭышәынтәалара алнаршоит.
ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ ҬАГАЛАНТӘИ АСЕССИА АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ҭагалантәи асессиа аилатәараИмҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз ҭагалантәи асессиа аилатәара.
Ирыхәаԥшит, маӡалатәи абжьыҭарала ирыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа:
«Е. А. Адлеиба Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы»;
«Б. О. Берулаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы»;
«И. В. Чирикбаиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аудитор имаҵураҟны лаҭаразы»;
«Б. А. Кәыҵниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аудитор иҿҳәарааианӡа имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы».
Иахәаԥшит, аҵыхәтәантәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә-процессуалтә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәутаба.
Ирыхәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанопроектқәа:
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА ВИАЧЕСЛАВ АБЛОҬИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Акиностудиа «Аԥсуафильм» адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа Иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80-шықәса шәхыҵра амш!
Шәара шәырҿиаратә мҩа зегьы шьақәгылоуп иналукааша ахҭысқәа рыла, иазгәаҭоуп аихьӡарақәа змоу, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа иазхаҵоу аусумҭақәа рыла. Шәара шәыруаӡәкуп ҳреспубликаҟны еицырдыруа аҟазара аусзуҩцәа, ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа ҟазара аҿиараҟны шәлагаламҭа.
Актиор, амузыкант, арежиссиор, асценарист – абарҭ азанааҭқәа рыҟны иааԥшит Шәара шәҟыбаҩ. Еицакра змам Шәара шәгәамч, бзиабарала инашәыгӡо аус нхарҭәааны ианыԥшит акинематографиаҟны. Шәара Аԥсны, Урыстәыла, убас егьырҭ атәылақәа рыҟны акино аҟаза ҳәа шәазхаҵоуп.
АԤСНЫТӘИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘА III ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЧАРӠҨЦӘЕИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘЕИ РКОНКУРС РҼАЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ахаатәыҟаҵаҩцәа жьҭаарамза 19-20 рзы Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәа аҿы имҩаԥысраны иҟоу III Жәларбжьаратәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи рконкурс рхы аладырхәуеит. Аконкурс Урыстәылатәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи Ргильдиа адгыларала еиҿнакаауеит «Елена Сучкова ашоколадҟаҵара азы лышкол».
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Белорусь, Аԥсны рҟынтәи 100 – ҩык инарзынаԥшуа ахаатәыҟаҵаҩцәа.
Урҭ ашоколад иалху асахьақәеи амажәа иалхны аскульптурақәеи ҟарҵар акәхоит, иара убас еиуеиԥшым агәылаҵақәа змоу ачақәа рӡуеит. Аӡбаҩцәа аалыҵ агьама, аԥшра, афҩы, аҟаҵашьа, уҳәа зегьы иахәаԥшны ахәшьара арҭоит. Аиааира згаз иранашьахоит ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аусмҩаԥгатә аспонсорцәа рҟынтәи еиуеиԥшым аҳамҭақәа.
Иара убас аконкурсантцәа ирзыԥшуп агьамабара зцу азанааҭтә мастер-классқәа, араҟа аекспертцәа рдыррақәеи рԥышәеи рымадара азы алшара рзаԥҵахоит.
АԤСНЫТӘИ АКАРАТИСТЦӘА АКУЛЬТУРА-СПОРТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «ИҬЫНЧУ КАВКАЗ» АҾЫ АԤХЬАХӘТӘ ҬЫԤҚӘА РГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 – 16 рзы Владикавказ ақалақь, аспорт Ахан «Манеж» аҿы имҩыԥысит XI Иаарту урыстәылазегьтәи акультура-спорттә фестиваль «Иҭынчу Кавказ».
Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа Апрезидент Витали Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, хымш ирылагӡаны Урыстәыла Аладатәи афедералтә округ, Нхыҵ-Кавказтәи аокруг, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 14 спорт хкы: адӡиудо, аикидо, арратә напышьашәалатәи аиқәԥара, мрагыларатәи арратә еиндаҭларақәа, астильзегьтәи акарате, џьиу-џьитсу, кекусинкаи, кикбоксинг, напышьашәалатәи аиндаҭлара, самбо, таитәи абокс, тхеквондо (ITF), мас-рестлинг, акәашаратә спорт рыла 8 – 16 шықәса зхыҵуа 1200-ҩык аспортсменцәа еиндаҭлон.
Аԥсны аганахьала иқәгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилак карате кекусинкаа аҟәша хәҩык ааӡамҭацәа.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи аҩбатәи аҭыԥки ааныркылеит.
ЖЬҬААРАМЗА 29 РЗЫ БАҬАЛ ЧЕЖЬИА УРЫСТӘЫЛА АЧЕМПИОН ИТИТУЛ АИУРАЗЫ АИНДАҬЛАРА МҨАԤИГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Чежьиа Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны абокс Афедерациа.
Баҭал Чежьиа диацлабуеит Пермь ақалақь аҟынтәи иааз аспортсмен Максим Смирнов. Аиндаҭлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 29 рзы Москва ақалақь, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан арена аҿы.
Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара Андреи Андреев ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд адгыларала апромоутортә еилазаарақәа «Мир Бокса», Grand Promotion рыла еиҿнакаауа абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.
АНСАМБЛЬ «АМЦАБЗ» XXXIV ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ-КОНКУРС «АДУНЕИ ЗЕГЬЫ ҞАЗАРОУП» АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Дмитри Басариа/. Жьҭаарамза 16 рзы, Москватәи аконцертә зал «Салиут» аҿы имҩаԥысит XXXIV Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Адунеи зегьы ҟазароуп». Уи ахы аланархәит Москватәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Амцабз». Ансамбль аноминациа «Жәлар рыкәашара» аҟны аиааира агеит, ҳәа «Аԥсныпресс» ахь адырра ҟаиҵеит ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба.
Лаша Марыхәба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит: «Ари афестиваль ҳансамбль аколлектив азы акырӡа аанагоит, избан акәзар, ҳара аҵаҩцәа еиҳабацәа зегьы ауҳашьҭхьеит, сынтәа ансамбль аилазаара ҿыц аԥаҳҵеит. Ансамбль ааӡамҭацәа аӡәырҩы рзы афестиваль алахәхара адебиуттә қәгылараны иҟалеит. Ҳара ҳансамбль аконкурстә номинациақәа ҩба «Жәлар рыкәашареи» «Аинструменталтә номери» рҿы иқәгылеит.
ИНГА ЧИРИКБАИА АКОНТРОЛТӘ ПАЛАТА АУДИТОРС ДАЛХУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысыз асессиа аилатәара аҿы адепутатцәа Инга Чирикбаиа Аԥсны Аконтролтә Палата аудиторс лыҟаҵара азы еицҿакны рыбжьы рҭиит.