АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа.   Жьҭаарамза 20,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитературадырҩы, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа (жьҭаарамза 20, 1916ш. — цәыббрамза 22, 1995ш.) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 106 шықәса. Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа Аԥсны аҭоурыхҭҵаареи аетнографиеи рҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп.

Шьалуа  Инал-иԥа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы  деицырдыруеит аԥсуаҭҵаареи кавказҭҵаареи аетногенези аԥсуаа рмилаҭтә ҭоурыхи рыҭҵаара аҿы ицәырҵуаз актуалра злоу апроблемақәа ирызку акыр зҵазкуа анаукатә усумҭақәа равтор иаҳасабала.   Аҵарауаҩ иҭҵааратә усумҭа дуқәа рахь иаҵанакуеит: «Аԥсуаа», «Аԥсуаа ретнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», «Атрадициақәеи ҳазҭагылоу аамҭеи», «Саӡаа», «Аԥсуа етикет азы аочеркқәа», уҳәа убас ирацәаны. Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәа анализ аҵаулареи аҵаҵӷәыркреи ахархәара змоу ахыҵхырҭадырратә материал ахкырацәареи рыла жәаҳәарада иалкаахоит.  

Аҵарауаҩ инаукатә интерессқәа рахь иаҵанакуан нарҭаа репос уахь иалаҵаны, абызшәадырра, алитературадырра, аетика, афольклористика еиуеиԥшым аспектқәа.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныппресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирызкны инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аусуратә еилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба, ахәышәтәра-профилактикатә ҟәша аиҳабы Баҭал Кациа, ахәышәтәра-профилактикатә ҟәша аспециалист хада Дамеи Кәалӷьы, Аминистрра азиндырҩы Инна Кәыҵниа, иара убас абгаԥсатә медицинатә еиҿкаара ахаҭарнак.

Аминистр иарбоу ахырхарҭала имҩаԥысуа аусура азы адырра ирҭеит. Уажәазы ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса азы аполис рымоуп  50 000-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра.  

Едуард Быҭәба Аԥсны ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аполис иазԥхьагәанаҭо иахәҭоу амедицинатә цхыраара ианаамҭоу инагӡаны ироуртә еиԥш урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа аус рыцура аҩаӡара аиӷьтәразы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аиҿкааҩцәа рааԥхьарала Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихы алаирхәуеит Жәларбжьаратәи аекспорттә форум «Иҟаҵоуп Урыстәыла», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Афорум апленартә еилатәара аҿы алахәылаҩцәа дрыдныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы  Михаил Мишустин.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 22 азы, асааҭ 11:00 рзы Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсны иаарыху ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә цәыргақәаҵа мҩаԥгахоит.  

Аԥснытәи афермерцәа раалыҵ аӡыргареи аҭиреи рзы алшара роуеит, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аархәар ҟалоит, иара убас анаҩстәи аусеицуразы аарыхыҩцәеи дареи ишиашоу аимадара рыбжьарҵартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Апарламент аҿы иаԥҵоуп Ареспублика ашәахтә закәанԥҵара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы аусуратә гәыԥ.

Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан напхгара зиҭало аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит:  

Ҳалуашь Б. В. – абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы;

Гәлиа А. Р. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа абиуџьет азы асектор аиҳабы;

Шьалашьаа 3. И. – аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор;

Қәаранӡиа А. А. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афинансқәеи акредити ркафедра аиҳабы, аекономикатә наукақәа ркандидат, адоцент;

Гәыниа A. А. – Аминистрцәа Реилазаара азинтә напхгараҭара аусбарҭа анапхгаҩы;

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла Акинематографистцәа реидгыла алахәыла, акиностудиа «Аԥсуафильм» адиреқтор, Аԥсны жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа иахьа ихыҵуеит 80 шықәса. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба аиубилиар иирамш идиныҳәалеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҟаиҵаз адҵа ала, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ареспублика аҿы азинеилагарақәеи амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагареи разԥхьагәаҭареи рыԥхьырҟәҟәаареи ирызкны агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит. Иԥаршеиу аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҟазаара, автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара анормақәа реилагара, уҳәа амҩа-транспортә ԥҟарақәа ӷәӷәала реилагара иадҳәалоу афактқәа аарԥшхоит.

Амилициа аусзуҩцәа иара убас изакәанымкәа зыиагара ҟамло амаҭәарқәа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа, иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, уҳәа рыҟазаара азы автотранспорттә хархәагақәа гәарҭоит. Аусеилыргаратә шьҭазаара иаҵанакуа ахаҿқәа рзы ирымоу адыррақәа рышьақәырӷәӷәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика Аилак ахантәаҩы Кама Гогиеи Урыстәыла  аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Сергеи Галкини Москва ақалақь аҿы «2022-2024 шш. астатистика аусхкы аҿы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан» рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.  

Иара убас аҩганктәи аилацәажәарақәа мҩаԥысит. Араҟа аусеицура ихадоу апунктқәа ралкаареи аԥышәа аимдареи мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша анаука аусзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу аҵараиура аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет актәи апроректор, апрофессор, Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.  

ААУ аректор Алеко Гәарамиа напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит:

Адлеиба Д.Иа., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор.

Амқәаб Г.А., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор иабжьгаҩ, акафедра анапхгаҩы,

 Ӷәынџьиа М.Х., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор,

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра Аԥсны аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль ԥыхьатәи асолист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа Аршба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула идышшылоит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.