АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2023

Дмитри Медведев Аслан Бжьаниа Аиааира Ду Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев  Аслан Бжьаниа Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу аныҳәа ԥшьа - Аиааира Ду 78 шықәса ахыҵра амш!

Аҵак ду змоу ари амш азы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афронтқәа рыҟны гәымшәарыла еибашьуаз рфырхаҵара, рыгәаӷьра, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы атәыла еиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы.

Агәра згоит, иаҳхысхьоу еицаҳзеиԥшыз аамҭа аԥхьаҟагьы уасхырс иазыҟалап ҳәа урыстәыла—аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара, аиҩызареи аусеицзуреи рхықәкы шьаҭас иҟаҵаны.

Аҳәара ҟасҵоит, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, Аԥсны иқәынхо Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, атыл аҟны аџьабаа збоз зегьы иҭабуп ҳәа сызрашәҳәарц, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьашәшьарц».

 

 

 

 


Read 160 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.