АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2023

Аҟәатәи авокзал аҿаԥшыларатә ган аҭеиҭыԥш арҽеира иаҿуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи авокзал аҿаԥшыларатә гани ахыбра иаҵанакуа аиаҵәаратә зонеи аҭеиҭыԥш арҽеира мҩаԥысуеит.

«Ҳара ахыбра аҿаԥшыларатә  ган аԥаҟәа аҟынтәи иаҳрыцқьоит. Ахыбра аҭеиҭыԥш ҳарҽеир ҳҭахуп. Акиорхер ала иаҳрыцқьоит. Уи ала арыцқьара ахьамуа аҭыԥқәа, ахаҳә астуктуреи арԥшышьеи ԥхасҭамхарц азы егьырҭ арыцқьагатә хархәагақәа ҳхы иаҳархәоит. Иахьауа, абаркьылкаламқәа шкәакәала иаҳшәуеит», – ҳәа аҟәатәи авокзал анапхгаҩы Алиса Габуниа лажәақәа аанагоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Иара убас апарктә зонагьы, апальмақәа, ашәҭқәа ахьеиҭаҳау аклумбақәа, уҳәа рырҽеира азԥхьагәаҭаны иҟоуп.

«Иахьауа иаҳшәуеит, ашәҭқәа еиҭауҳар ахьауа еиҭаҳҳауеит. Авокзал ахыбра аҭеиҭыԥш улахьы иааиуа аҟаҵаразы ԥыхьа аԥенџьырқәа ахьаҿаз ажәытә ҭыԥқәа римитациа назыгӡо 3D-формат ала иҟаҵоу афальш-ԥенџьырқәа шьақәыргылахоит. Раԥхьатәи хра злоу еихьӡараны иҟалаз –  авокзал ахьӡ злашьақәгылоу анбанқәа рҽеины иршәит. Ирыцқьоу ахыбра ахәҭа шьҭа ипашәӡа, улахь иааиуа иҟалахьеит. Уи даара угәы шьҭнамхыр ҟалом», -  ҳәа иазгәалҭеит Алиса Габуниа.


Read 152 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.