АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2023

Аслан Бжания Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рцашьа гәаиҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәарақәа раан Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарҵауларатәи аԥшаҳәарӷәӷәаратәи усурақәа рцашьа гәаиҭеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ШЬАУ аиҳабы Ҭемыр Агрба ицын Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарҵауларатәи усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ данаҭаа.

ШЬАУ Аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы Очамчыра араион аганахьала Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа шымҩаԥысуа.

«Ари сынтәа аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҩбатәи ҭыԥуп. Ари аҭыԥ 1200 метра аҵанакуеит. Иҵегьы аусурақәа мҩаԥгахоит Гәылрыԥшь араион аганахьала х-ҭыԥк рыҟны 700 метрак рҟынӡа.

Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит аԥшаҳәа арӷәӷәара аҭахуп иара убас даҽа ҭыԥк аҟны - 650 метр ак рҟынӡа, афымцамҩангага цәаҳәақәа ахьыҟоу».

Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рымҩаԥгара Ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә иазоужьуп 63 млн мааҭ.

Аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи ҩымз ирықәуп, еиҭа убри аҟара имҩаԥыслоит.

Ҭемыр  Агрба иазгәеиҭеит Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭа аганахьала иара убас аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа шымҩаԥгаз, уи иазоужьын Ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә 15 млн мааҭ.

«Аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа ирыҵанакуеит: адамбақәа рыргылара, аӡышьҭра арҵаулареи аӡышьҭра ариашареи. Ари аҭахуп анхарҭа ҩынқәеи аарыхырҭақәеи аӡы рыҵамларц азы», - иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Арҭ аусурақәа мҩаԥнагоит анардатә еиҿкаара ЗҲӘА «Неруд-Инвест». Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥысуа аусурақәа  ибзиоуп ҳәа азиҳәеит.

 

 

 


Read 167 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.