АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааиара агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.

Апарадтә гәыԥқәа арратә маршқәа рмузыка ацны шьаҿеиқшәала Идырым Асолдаҭ ибаҟа аԥхьа ииасит.  

Аныҳәатә  ыиасра  рхы аладырхәит 600-ҩык инареиҳаны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7-тәи еизаку арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруаа.

Амарш анапхгараҭара наигӡон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылон – атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәа уи аамҭазы адәытә крыфара аус ауан. Ауаа акәацеиҵажә злаз ацәхәда кашьи ачаи ргьама абареи, иара убас афронттә шәы-грамм рышьҭыхреи рзы алшара рыман. Игон аибашьара иазкыз ашәақәа рыбжьы. Еиҳа еиҳабу рабиԥара ахаҭарнакцәа  ргәы ԥшаауа здунеи зыԥсаххьоу реиҳабацәа ргәаладыршәон. 


Read 295 times - Аҩаша, 16 Лаҵара 2023 16:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.