Иахьазы Аԥсны инхоит 20 –ҩык усҟантәи аибашьра аветеранцәа.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы хамеигӡарала еибашьуан 55 нызықьҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа. 17 нызықьҩык инареиҳаны ари аибашьраҿы иҭахеит. 22-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак ранашьахеит.
Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь амитинг мҩаԥысуеит. Анаҩс Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысуеит.
Урҭ инарышьҭархын Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала Идырым Асолдаҭ ибаҟа ахь инеиуеит акциа «Ԥсра зқәым аполк» аколонна.
Лаҵарамза 9, асааҭ 16:00 рзы – С.Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьа аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит, асааҭ 17:00 рзы – С.Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҿаԥхьа иҟоу Б.Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы – ахәыҷтәы арлахҿыхратә программа еиҿкаахоит, иара убас асааҭ 18:00 рзы – Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт «Амузыка абызшәала». Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә филармониа ансамбль «Романтик квартет», асолистцәа, Л. Зыкина лыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рансамбль «Россия» асолистцәа, аквинтет «Новый день», Москватәи асинодтә хор лыцны Урыстәыла жәлар рартистка Надежда Крыгина. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа, аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, акультура Аусбарҭа, атәылахьчара Аминистрра, акультура Аминистрра, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭаранакра.