АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2023

«Урҭ зегьы рыԥсы ҭоуп»: акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса аҵра инамаданы, аҩаша, лаҵарамза 9 рзы  Аҟәа ақалақь аҿы акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысит.  Акциа раԥхьатәи алахәылацәа асааҭ 10:30         Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизеит. Акциа алахәылацәа рколонна  ахаҿы игылан Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри  Федотови Аԥсны Афырхаҵа, Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беииеи. Аколонна Д.Гәлиа ихьӡ зху амҩала идәықәлеит, анаҩс Леон Ипроспект  ала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟынӡа инаӡеит. Аколонна Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа иаанкылеит. Амҩеихдақәа зегьы рҿы аколонна ауаа ацлон.

Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәа уи аамҭазы адәытә крыфара аус ауан. Ауаа акәацеиҵажә злаз ацәхәда кашьи ачаи рыла акрырҿарҵон. Игон аибашьара иазкыз ашәақәа. Даара ахәыҷқәа рацәан, урҭ гәадурала аибашьра иалахәыз рабдуцәа рпортретқәа шьҭыхны икны иаауан. Еиҳа еиҳабу рабиԥара ахаҭарнакцәа  ргәы ԥшаауа зыдунеи зыԥсаххьоу реиҳабацәа ргәаладыршәон.  

 

 


Read 148 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.