
pressadmin-2
АҲӘААХЬЧАРАТӘ ПУНКТ “АДЛЕР” АҾЫ АНЫҞӘАРАЗЫ ИНАЗЫЦҴОУ Ҩ-ЦӘАҲӘАК ЕИҚӘДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаахьчаратә пункт «Адлер» аужьҭратә лшара аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәыла атранспорт Аминистрреи Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә усбарҭеи «Росгранстрой» Урыстәылаҟа ииасуа автомашьынақәа рзы иназыцҵоу ацәаҳәақәа еиқәдыршәеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа атуризм Аминистрра.
Ацәаҳәақәа аҳәынҭқарратә гәаҭаратә усбарҭақәа русуреи аҳәаа аҿы агәаҭаратә процедурақәа рымҩаԥгареи рзы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьы рыла еибыҭоуп. Уи зегьы аҳәаахьчаратә ыиасырҭа «Адлер» аужьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла зқьы машьына рҟынӡа аизырҳара алнаршоит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА ИАТӘУ АЕКСПЕРИМЕНТАЛТӘ ПАТАЛОГИЕИ АТЕРАПИЕИ РЗЫ АҞӘАТӘИ АҬҴААРА-ДЫРРАТӘ ИНСТИТУТ АНАПХГАРАҬАРЕИ АКОЛЛЕКТИВИ АИНСТИТУТ 95-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АИУБИЛЕИ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны анаукақәа ракадемиа иатәу аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт анапхгараҭареи аколлективи Аинститут 95-шықәса ахыҵра аиубилеи рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иԥхьагылоу аинститут 95-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
Иналукааша асовет ҵарауаа Николаи Семашко, Илиа Иванов, Иаков Тоболкин раԥшьгаралеи хаҭала рылахәхареи рыла нанҳәамза 27, 1927 шықәса рзы иаԥҵаз аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт ахьӡ-аԥша ахара инаҩхьеит. Уи жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу априматологиа аҵара ацентрны иҟалеит, акьыба чымазарақәа рҿагылара азы акыр аҵак ду змоу базаны ишьақәгалеит. Акыр аамҭа иалагӡаны ари аинститут напхгара аиҭон академик Борис Лапин.
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АЗАНААҬЕИДГЫЛАҚӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ РЕИДГЫЛА «АКРА» АХАНТӘАҨЫ СЕРГЕИ ФИЛАТОВ ИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҿы имҩаԥысит Рашида Аибеи Сергеи Филатови реиԥылара.
Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба Азанааҭеидгылақәа Жәларбжьаратәи Реидгыла «АКРА» ахантәаҩы Сергеем Филатов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥылгеит.
ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АҴАРАУАҨ-АҬОУРЫХДЫРҨЫ, АԤСУА ЖӘЛАР РМИЛАҬ-ХАҚӘИҬРАТӘ ҚӘԤАРА АВЕТЕРАН ЕРМОЛАИ АЏЬЫНЏЬАЛ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 90-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-аҭоурыхдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Ермолаи Аџьынџьал.
Ермолаи Кесыгә-иԥа Аџьынџьал диит рашәарамза 28, 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан.
Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол даналга ашьҭахь, арратә уалԥшьа нагӡаны даныхынҳә, 1957 шықәсазы дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зху Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аԥсуа ҟәша, дагьалгеит уи 1961 шықәсазы.
Адәаӡаҿы активла аусуразы акомсомол Анагӡаратә Комитет Хадеи Казахсҭан Иреиҳаӡоу Асовети раҳаҭыртә шәҟәқәа ианашьан.
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа даналга ашьҭахь Ермолаи Аџьынџьал аус иуан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә Институт аҿы. Уи напхгаҩыс диман аҟазарадырра адоктор Лео Шервашиӡе.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Ермолаи Аџьынџьал аус иуан Ҭҟәарчал ақалақь аҿы апионерцәеи ашколхәыҷқәеи Рыҩны адиректорс, Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» алитературатә усзуҩыс, Ҭҟәарчалтәи ашахта № 2 адгьылаҵантәи ашьхаусзуҩыс.
Аҵарауаҩ инысымҩа аҿы акыр аҭыԥ ааннакылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. 1968 шықәса инаркны иара араҟа, абжьаратәи ашәышықәсақәа рҭоурых аҟәша аиҳабы имаҵураҭыԥгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа рҿы анаука-ҭҵааратә усура мҩаԥигон. Аҵарауаҩ илагала дууп аҭыԥантәи амузеитә усура аҿиара аҿы.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ ПИЦУНДА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АДӘҚЬАНҚӘА РУАК АҾЫ АКОНТРАБАНДАТӘ ААЛЫҴ АМХРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23, 2022 шықәса рзы аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазылхратә еилагарақәа рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа Пицунда ақалақь аҿы аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан афатәҭирҭа адқьан гәарҭеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, агәаҭара аан иԥшаан, анаҩс ирылхын 38 цыра рҟынӡа иҟоу Қырҭтәыла абираҟи ахсаалеи рыла ишьақәгылаз ақырҭуа символика зныз, аконсерв зҭаз абанкақәа. Иарбоу аалыҵ уаанӡа иҟоу аҳазылхратә закәанԥҵара аилагарала Аԥсны иааган.
АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АДЫГЕИА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ VII ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ ИАЛАХӘХОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аԥсуа-дыгатә театрқәа VII Жәларбжьаратәи афестиваль «Кавказский меловой круг» ахы аланархәуеит. Афестиваль мҩаԥысуеит жьҭаарамза 24 -29 Маиҟәаԥ ақалақь аҿы.
Афестиваль «Кавказский меловой круг» — ари идуу арегионбжьаратәи афорум ауп. Уи аидкыларатә арҿиаратә ҟазшьа аҵоуп. Афестиваль амҩаԥгара арегионқәеи атәыла-алахәылацәа рзанааҭтә театралтә ҟазара арбеиара, амилаҭтә бызшәақәа, акультуратә традициақәа реиқәырхара иацхраауеит.
Афестиваль аиҿкаара рхахьы иргеит Урыстәылатәи Афедерациеи Адыгеиеи ркультура аминистррақәа, Ареспублика Адыгеиа атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла.
Афестиваль рхы аладырхәуеит:
- И.С. Цеи ихьӡ зху Ареспублика Адыгеиа Амиалаҭтә театр.
- С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр (ақ. Аҟәа).
УРЫСТӘЫЛА АСТАТИСТИКА АЗЫ АФЕДЕРАЛТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ АСТАТИСТИКА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АБЖЬГАРАТӘИИ АМЕТОДИКАТӘИ АЦХЫРААРА АҬАРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгараҭара алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит, аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Кама Гогиа жьҭаарамза 19 рзы Москваҟа лусуратә ҭаара алҵшәақәа ртәы далацәажәеит, иара убас знапаҵыҩра мҩаԥысыз 2022-2024 шш. Аԥсны астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилаки Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика азы афедералтә Маҵзуреи рыла еицымҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа Рыплан атәы еиҭалҳәеит.
Урыстәылатәи рколлегацәа рыҽцәажәарақәа ахәшьара ҳарак аҭо, Аԥсны астатистика азы аҳәынҭқаррратә Еилакы ахантәаҩы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа инарҭбааны дрылацәажәеит.
30 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АҚЫРҬУА ГВАРДЕИЦЦӘА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МУЗЕИ АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТИ РЫБЛИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа жьҭаарамза 22 рзы, ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит. Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит.
АДОКТОР ШАТАЛОВ ИХЬӠ ЗХУ АБЛА АМИКРОХИРУРГИА АКЛИНИКА АМОБИЛТӘ ДИАГНОСТИКАТӘ КОМПЛЕКС 15 МЫШ РЫЛА 1287-ҨЫК РЫБЛАБАРА ГӘАРҬЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адоктор Шаталов ихьӡ зху Арегионалбжьаратәи зтехнологиа ҳараку абла амикрохирургиа адиагностикатә комплекс 15 усуратә мшы рыла 1287-ҩык рыблабара адиагностика мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Зегьы реиҳа ауаа рыблабара гәарҭеит цәыббрамза 27 - 29 рзы Очамчыра ақалақь аҿы– 250 – ҩык.
Очамчыра араион Кындыӷ, Тамшь, Кәтол, Ҷлоу ақыҭақәа рҿы цәыббрамза 30 инаркны жьҳаарамза 2-нӡа 195-ҩык апациентцәа рыблабара гәарҭеит.
Ҭҟәарчал ақалақь аҿы жьҭаарамза 3 – 5 рзы 292-ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.
30 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АҚЫРҬУА ГВАРДЕИЦЦӘА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МУЗЕИ АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТИ РЫБЛИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа жьҭаарамза 22 рзы, ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит. Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит.