Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы Рауль Лолуа ихантәаҩрала имҩаԥысит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аоппозициатә еиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара рахь иқәдыргыло азҵаара хадақәа.
Аоппозициа ззаҭгыло атезисқәа аекономика-социалтә усхк, агәабзиарахьчара, атәылахьчара, адәныҟатәи аполитика, афымцамч, аҳәаанырцәынтәи аинвестициақәа, аиҳабыра раргамара уҳәа ирызкын.
Пунктцыԥхьаӡа хәҭа-хәҭала, ҵаҵӷәыркрала ирызнеин, Аминистрцәа реилазаара алахәцәа ражәахәқәа ирзыӡырҩын, анаҩс Амассатә информациатә хархәагақәа ирыҭан рыларҵәаразы.
Аиԥылара иалахәын Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аминистрцәа реилазаара алахәцәа, атәыла аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны еиуеиԥшым аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.