1923 шықәса лаҵарамза 13 рзы ССР Аԥсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет Ақәҵарала ишьақәырӷәӷәоу Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика аӡбареиҿкааразы Аԥҟара ҳреспублика аӡбаратә система ауасхыр азышьҭанаҵеит.
Азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа егьырҭ аполитикатә, асоциалтә, аекономикатә институтқәа реиԥш аҿиара иаҿын Аԥсны аҭоурыхтә мҩа зегьы аҟны. Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аконституциатә шьақәгылашьаҟны аӡбаратә мчхара аҳәынҭқарратәразы акрызҵазкуа ашьаҭақәа руакуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа анаԥҵаз аҽны инаркны ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа ралыршара, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара иазку зхаҭабзиара ҳараку аусура мҩаԥыргоит азакәан ԥыжәара аҭаны.
Аԥсны аҳәынҭқарратәра аҿиара иахьа ишиашоу аӡбарҭақәа русура иахьыԥшуп зхы иақәиҭу, ихьыԥшым амчхара амахәҭа аҳасабала.
Аԥсны аӡбарҭақәа ҷыдала аҭакԥхықәра рыдуп лассы аҿиара иаҿу аинформациатә уаажәларраҿы, аиашара апринцип аҳәынқарратә хьчаразы иҟоу азыҳәара ишиашоу аӡбаҩцәа есҽнытәи рыпрофессионалтә усура иаҵанакуеит.
Убри аҟнытә аӡбарҭатә корпус, азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа налаҵаны рхарҭәаара хьаҳәа-ԥаҳәарада иҳараку апрофессионалтәи алеишәатәи стандарт иақәыршәаны имҩаԥыслароуп.
Ареспублика анапхгара ахә ҳаракны иршьоит аӡбарҭатә корпус аҭакԥхықәра зцу аусуразы, иҭабуп ҳәа ранаҳәоит изинтәу идемократиатәу Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны рлагаламҭазы.
Акыр иаԥсоу азеиԥш иурисдикциа змоу Аԥсны аӡбарҭақәа, ари аныхәамш азы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, азанааҭә еихьӡара ҿыцқәа Азакәан амаҵ ауразы шәнапы злаку аус аҟны!»