АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Лаҵара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбарҭа аделегациа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциатә Ӡбарҭа Жәларбжьаратәи аконференциа аусура ахы аланархәит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциатә Ӡбарҭа Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи аусура ахы аланархәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбарҭа аделегациа. Аделегациа аилазаараҿы иҟан Ахантәаҩы Хоџьашьвили Лиудмила Платон-иԥҳа, Ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Ԥлиа Диана Едуард-иԥҳа, аӡбаҩ Бигәаа Алиса Зураб-иԥҳа.

Ахантәаҩы «Аконституциеи аконституциатә хылаԥшреи: адоктрина ҳарҿиоит апрактикагьы еиӷьаҳтәуеит» атема ала ажәахә ҟалҵеит.

Иарбоу аконференциа иалахәхоит Аконституциатә ӡбарҭақәеи аконституциатә хылаԥшра аусбарҭақәеи, Жәларбжьаратәи аиҿкаараақәа, Аҳәынҭқаррабжьаратәи аусбарҭақәа, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра, Азербаиџьантәи Ареспублика, Ермантәылатәи Ареспублика, Ареспублика Белорусь, Ареспублика Индиа, Ареспублика Ҟазахсҭан, Монголиа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, Ареспублика Узбекьысҭан, Африкагәҭантәи Ареспублика, Миан Аидгыла Ареспублика, Ареспублика Таџьыкьысҭан, Евразиатә Аекономикатә Еидгылара Аӡбарҭа    Рконституциатәи Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа.  

Аконференциа алахәылацәа аконституциатә хылаԥшра аусбарҭақәа русура, аконституциатә иашаӡбара аусхкы аҿы азинхархәаратә практика  иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпаки азинтә наукатә доктрина иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит. П

 


Read 147 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.