АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Лаҵара.2023

Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ааргеит.

Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку  Имыцәо  амца  ахәҭаҷ  ааргеит. Абх.    

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ааргеит.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база аруаа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҳаҭыртә карул иамадахоит Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ зҭоу акәаҷаб.

Лаҵарамза 9 рзы ари акәаҷаб аҟынтәи Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркхоит.

Аҳаирплан ала Москвантәи иаагаз  Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ зҭоу акәаҷаб аҟынтәи В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы ҷыдала быжь-кәаҷабк амца адыркит. Урҭ анаҩс Аԥсны араионқәа зегьы рахь идәықәҵахьеит.  

Аԥсны жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара амца» аиҿкаара рхахьы иргеит В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, атәылахьчара Аминистрра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла  Ацҳаражәҳәарҭа.  

 


Read 290 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.