
pressadmin-2
ЛАША АШӘБАААУ АРЕКТОРИ АКОЛЛЕКТИВИ АҴАРАИУРҬА 90 – ШЫҚӘСАХЫҴРАТӘ АИУБИЛЕИ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректори аколлективи аҵараиурҭа 90 - шықәсахыҵратә иубилеи рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеко Алеқсеи-иԥа!
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ишәыдаҳныҳәалоит аҵак ду змоу аиубилеи – Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет 90-шықәса ахыҵра арыцхә.
Ахә ашьара уадаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ауниверситет инанагӡо ароль, ҳауаажәлар аӡәырҩы рыԥсҭазаара иара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
Арҭ ашықәсқәа зегьы ААУ аколлектив аҵараиурҭа ашьақәгылареи аҿиареи амҩа ду ианысит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи Аԥсадгьыл ахьчаразы игылан – 94-ҩык уи рхы ақәырҵеит. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит!
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара есқьынгьы ишьақәгылан аҟыбаҩ бзиа змаз, ааԥсара ззымдыруаз, Аԥсадгьыл апатриотцәа рыла. Иахьагьы шәара шәколлектив еиднакылоит аҿар разыҟаҵаразы иреиӷьу атрадициақәа ирықәныҟәо, аҵараиурҭа ашьапы зкыз шықәсырацәала иныҟәыргоз аидеиақәа рынагӡара иаҿу аусзуҩцәа.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДЫРГА АХҲӘААИ АХАРХӘАРЕИ РЫЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә дырга ахҳәааи ахархәареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак инарҭбаау аилатәараҟны имҩаԥысит Аԥсны аҳәынҭқарратә дырга ахҳәааи официалла ахархәара аԥҟара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА, АРБЏЬАР МЧҚӘА РЫДҴАҞАҴАҨ ХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АДГЬЫЛҴАКЫРАТӘ ХЬЧАРА ИАЗКЫЗ АШТАБ АИЛАТӘАРА ДАЛАХӘЫН.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа адгьылҵакыратә хьчара иазкыз аштаб аилатәара далахәын.
Амчратә блок алархәны атәылахьчараҟны имҩаԥысыз аилатәараҟны иалацәажәеит арра-политикатә ҭагылазаашьа. Ирзыӡырҩит амобилизациатә зыҟаҵара, ар рматериалтә – техникатә еиқәыршәара аиӷьтәра иазкыз ажәахәқәа.
ЖЬҬААРАМЗА 14 РЗЫ С. ҶАНБА ИХЬӠ ЗХУ АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР ФОИЕ АҾЫ РАФАЕЛЬ ГУСЕИНОВ ИШӘҞӘЫ «ПУТЬ ПУТИНА» АӠЫРГАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14, асааҭ 17:00 азы, С. Ҷанба ихьӡ зху аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр афоие аҟны Рафаеля Гусеинов ишәҟәы «Путь Путина» аӡыргара мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аӡыргара аспикерцәа: Степашин Сергеи Вадим-иԥа – Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгылара апрезидент, УАЕ Анапхгараҭара ахантәаҩы; Палько Леонид Леонид-иԥа – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Вече» аҭыжьырҭа адиректор хада; Косоуров Виктор Семион-иԥа – Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгылара апрезидент иабжьгаҩ.
ЖЬҬААРАМЗА 26 РЗЫ МОСКУВА АҚАЛАҚЬ, АМУЗЫКА АҨНЫ АКАМЕРТӘ ЗАЛ АҾЫ «PIANODUO&ORCHESTRA» АКОНЦЕРТ МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультуратә-сезон «Урыстәыла-Аԥсны 2022» аҳәаақәа ирҭагӡаны, жьҭаарамза 26, асааҭ 19:00 рзы, Амузыка Аҩны акамертә зал аҿы имҩаԥысраны иҟоуп «PianoDuo&Orchestra» аконцерт. Уи иалахәхоит афортепианатә дует – Аԥсны жәлар рартистка Нинель Бжьаниеи Аԥсны жәлар рартистка Гулиза Аҩӡбеи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
ЛЕВ КӘЫҴНИА АШЬХА ИАԤНУ ԤСҲӘЫ АҚЫҬА ДАҬААИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа Аҟәа араион ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭа ахь иусуратә ҭаара. Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа ақыҭа абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа анапхгаҩы, амаиор Сергеи Зинченко, аминистр адырра иҭеит инапаҵаҟа иҟоу аҟәшеиҵа аҟны иҟоу аҭагылазаашьа азы. Ирылацәажәеит ирымоу абылтәы аҵәах ахьҭақәа ҟалаанӡа, асы шьҭалаанӡа ацҵара иадҳәалоу азҵаарақәа.
Аминистр иарбоу абалрацәыхьчара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа иамоу иҷыдоу атехника аҭагылазаашьеи хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵареи гәеиҭеит.
АПРОФИЛТӘ КОМИТЕТ АҾЫ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛАГРАФИАТӘИ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘА РЫԤШААРЕИ РЕИЗГАРЕИ АУС РЫДУЛАРЕИ РЗЫ» АЗАКӘАНАПРОЕКТ ААИГӘА ИМҨАԤЫСУА АИЛАТӘАРАҞНЫ АКТӘИ АԤХЬАРААН АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА АПАРЛАМЕНТ АБЖЬГАРА АЗЫ АЗЫӠБА ШЬҬЫРХИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 12 рзы имҩаԥысит Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак аилатәара.
Аилак аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Ҭемыр Беиа. Иалахәын Апарламент адепутатцәа, АУ «Аҳәынҭқарратә кадастртә палата» адиректор Ҭемыр Сангәлиа, Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аиҳабы Адамыр Аҳәба, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба, Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.
Аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны иахәаԥшын «Агеодезиатәи ахссалаграфикатәи усуреи анаӡааӡаратә обагақәеи рзы» азакәан апроект. Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит Агеодезиатәи ахссалаграфикатәи усура аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи, реизгареи, аус рыдулареи, рыдгалареи, рыларҵәареи надкыланы, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аинформациатә системақәа рхархәарагьы. Ари азакәанапроект иахәаԥшны, адепутатцәа азыӡба шьҭырхит Апарламент иабжьыргарц ааигәа имҩаԥысуа аилатәараҟны актәи аԥхьараан ашьақәырӷәӷәара.
СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВ АԤСНЫ АМОБИЛИЗАЦИАТӘ ЗЫҞАҴАРА АИӶЬТӘРА АЛЗЫРШО РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ ИӠБАТӘУ АХЫДҴАҚӘА ДРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Амобилизациатә ҽазыҟаҵара азы аусуратә гәыԥ анапхгара азҭо Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов абизнесс-еилазаара алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәра алзыршо раԥхьа иргыланы иӡбатәу ахыдҵақәа дрылацәажәеит.
Ишдыру еиԥш, Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ала, Аԥсны амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәа рыҟаҵареи заанаҵтәи ахәшьара аҭареи рзы цәыббрамза 25 рзы аԥыза-министр иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны иаԥҵан 14-ҩык рыла еилоу ахылаԥшырҭабжьаратәи аусуратә гәыԥ. Уи иалалеит атәылахьчара Аминистрра, еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.
«Ҳара ҳгәыԥ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит, арратә хәҭақәа, арезервтә хәҭақәа рҭаарала амобилизациатә зыҟаҵареи арратә ҭагылазаашьеи ргәаҭареи ахәшьара аҭареи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа уахь иналаҵаны. Ари аусура алҵшәақәа рыла, заанаҵтәи абжьгарақәа ҟаҵан, урҭ рышьаҭала ҳара зыԥшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаарақәа рыӡбара аҿы атәылахьчара Аминистрра ацхыраара аҭара азы абизнес-еилазаара ахь аҳәара аҟаҵара ахымԥадатәра ҳалацәажәар ҟалоит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ урҭ иреиуоу азҵаарақәак дырзааҭгылеит:
-арезерв ҳасабла ишьҭаҵоу ахәшәқәеи раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭаразы ахәархәагақәеи инацҵаны рхарҭаара;
- аҳақьымцәа аԥышәатә медицина акурсқәа рахгара;
- абаталионтә, аҟәыратә еимадара рзы амобилтә хархәагақәа рхарҭаара;
- аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа ихымԥадатәиу рхыԥхьаӡара ахарҭәааразы раахәара алыршара, уи аоператорцәа разыҟаҵара.
- Архәҭақәа ҳаамҭа иақәшәо хазхаҭалатәи ахыхьчаратә хархәагақәа (акәылӡкьаҿқәа, акәылӡхылԥақәа, абалистикатә бласаркьақәа, атактикатә напҭарԥақәа) рыла инацҵаны реиқәыршәара;
ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АҾЫ ҚЬАМАЛ АРӠЫНБА ИШЬРА АЗЫ АШЬАУС ИАХӘАԤШРАНЫ ИҞОУП. АБХ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь ахәаԥшреи азыӡба адкылареи рзы инашьҭуп лаҵарамза 18, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз Қьамал Арӡынба ишьра афакт ала ашьаусеилыргара, ҳәа иаанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Иарбоу аус ала, ашьаустә ҭакԥхықәра идҵоуп Баҭал Ԥлиа. Уи ахарадҵатә усбарҭақәа рыла Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апункт «ж» (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҟалаз ауаҩшьра), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2 (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҭҟьо амцабџьари уи аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҵәахра, аныҟәгара), ахәҭаҷ 155, ахәҭа 4 апункт «б» аепизодқәа ҩба рыла, (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҟалаз ҷыдала шәагаала идуу аӷьычра), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 аепизодқәа ҩба рыла, (иҭҟьо амцабџьари уи аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҵәахра, аныҟәгара) ашьаустә ҭакԥхықәра идҵоуп.
НЕСТОР ЛАКОБА ИҨНЫ-АМУЗЕИ АҾЫ ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС НҴӘААНӠА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РХЫРКӘШАРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп.
«Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ҳара амузеи аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылара» анапхгаҩы хада Руслан Тәанба.
Амузеи актәи аихагылаҿы амҵуратә уадақәа ҟалоит: авестибиуль, ахьчаҩцәа (аҷаԥшьаҩцәа) руада, амузеи администрациа ауада, аҵәахырҭа-ашьҭаҵарҭа, аконференц-зал, амаҭәаҭакнаҳарҭа, уҳәа. Аҩбатәи аихагылаҿы ԥшь-цәыргақәҵатә зал ҟалоит.
Руслан Тәанба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахыбраҿы аԥенџьырқәеи аҩналага ашәқәеи ԥсаххоит. «2004 шықәсазы апластик шкәакәа иалху аԥенџьырқәа ари аҭоурыхтә хыбра зынӡа ианаалаӡомызт. Ҳара урҭ амҿтәы ԥенџьырқәа римитациа зызу аԥенџьырқәа рыла иҳаԥсахраны ҳаҟоуп. Аҩналага аихатәы шәқәа рмыцхәрас ихьанҭоу амҿтәы ашәқәа аҿаҳҵоит. Уи зегьы инацҵаны афинанстәра аҭаххоит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ҳақәиргәыӷит», – ҳәа иҳәеит Руслан Тәанба.