Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукаша аԥснытәи аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 130- шықәса азгәаҭара аламҭалазы аргылаҩцәа Н. А. Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҿы шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа хдыркәшеит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба Апсныпресс акоррепондент диҿцәажәо иҳаҩсыз ашықәс азы атәыла анапхгара аилазаара амузеи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы адҵа шанаҭаз атәы иҳәеит.
«Нанҳәамза, 2022 шықәсазы ҳара аусурақәа рынагӡара ҳрылагеит. Аконтракт ахәԥса - 20 млн 509 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иахьазы имҩаԥгоу афинанстәра 19,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ацәынхагьы ыҟоуп. Актәи аетап аҿы иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы нагӡоуп. Уажәы ауадақәа реилыргара мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Тәанба.
Руслан Тәанба иажәақәа рыла, Нестор Лакоба имузеи ахыбра 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан ааха ӷәӷәа аиуит. 2004 шықәсазы араҟа иаҿарҵеит апластик шкәакәа иалху аԥенџьырқәеи аиха иалху аҩналага ашәқәеи ԥсаххеит. Усҟан рзы апластик шкәакәа аиалху аԥенџьырқәа ракәын иоурыжьуаз, аха урҭ ари аҭоурыхтә хыбра зынӡа ианаалаӡомызт. Иара убри ашықәсазы ахыбра адәныҟатәи ахаҿра шьақәыргылан, аԥхьанатә ишыҟаз аиԥш, усҟан изладыргылоз ақьырмыт аҩызаҵәҟьагьы ҳаԥшааит.
Аԥхын, 2022 шықәсазы ахыбра аҩныҵҟатәи аусурақәа мҩаԥган: аҩныҵҟатәи ауадақәа рыбжьараҭыӡқәа рышьҭыхра, анаҩс хыбрак шаабац аиԥш аҭыӡқәа, адашьмақәа, аҭуанқәа, алашара анагара уҳәа аусурақәа нагӡан. Апластик шкәакәа иалхыз аԥенџьырқәа ԥсахны, амҿтәы ԥенџьырқәа римитациа зызу аџь аԥшәы змоу аԥенџьырқәа шьақәыргылан. «Ашәқәагьы ауаа иргәаԥхо, рылаҟны иааиуа рыҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Аҩналага аихатәы шәқәа рмыцхәрас ԥшьметрак аҳаракыра змоу, ихьанҭоу амҿтәы ашәқәа ҩба аҿаҵаны иҟоуп. Дара шәачантәи иаагахоит, аха аҩнымаҭәа ианыҩнаргалалак ашьҭахь иаҿарҵоит. Аҵыхәтәаны, аусурақәа зегьы рышьҭахь ахыбра ахаҿратә ган аҭыӡқәа рыцқьахоит», - ҳәа иҳәеит «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба.
Амузеи актәи аихагылаҿы амҵуратә уадақәа ҟалоит: авестибиуль, ахьчаҩцәа (аҷаԥшьаҩцәа) руада, амузеи администрациа ауада, аҵәахырҭа-ашьҭаҵарҭа, аконференц-зал, амаҭәаҭакнаҳарҭа, уҳәа. Аҩбатәи аихагылаҿы ԥшь-цәыргақәҵатә зал ҟалоит.
«Ахыбра 18,5 х 12 метра иҟоуп (450 метр ԥшьыркца). Ашҭа маҷгьы еиҿкаахоит. Иҟалоит ашҭаҟынтәгьы амҩаду аҟынтәгьы аҩналарҭақәа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аусурақәа аҩбатәи аетап амузеитә експозициа апроект иадҳәалоуп. Урҭ Новосибирскынтәи иааз «Интерпроект» аспециалистцәа ргәыԥ раԥхьаӡа иргыланы Нестор Лакобеи иҭаацәеи рхатәы маҭәақәа назлоу амузеи аекпозициа аиқәыршәара аҿы ацхыраара ҟарҵараны иҟоуп. Уажәы ахарџьынҵатә документациа аекспертиза иахысуеит. Апроект ахәԥса 29 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Амузеи адиректор Лиудмила Малиа лажәақәа рыла, аекспозициа ашьақәгыларазы имаҷымкәа аамҭа аҭаххоит. «Ҳара излауа ала, уадацыԥхьаӡа ирымаз аинтериер аиҭашьақәыргылара ҳҽазаҳшәарц ҳҭахуп. Уи аҩнымаҭәа адагьы инхоз аԥшәмацәа рхатәы маҭәақәеи роуп»,- ҳәа илҳәеит лара.
Н. А. Лакоба Иҩны-амузеи 1983 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, абри аҭыӡҭыԥ ала иаартын: Лакоба имҩа, аҩны № 32. Ари аҭыԥ аҿы иҟоуп аҭоурыхтә хыбра — 1909 шықәса рзы иргылаз аҭуџьар О. И. Бостанджогло иҩны. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла шьҭахь, 1921 шықәсазы, Март 4, аҩны № 32 аҿы, 1923- 1936 шш. рзы инхон Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Апполон-иԥа Лакоба иҭаацәеи иареи. Нестор Лакоба имузеи ахыбра 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ааха ӷәӷәа аиуит.