
pressadmin-2
АԤСНЫ АХАДА АԤСНЫ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘ ЕИБАШЬРААН ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҞНЫ ИҬАХАЗ РБАҞА АМҴАН АШӘҬШЬҬАҴАРА АЦЕРЕМОНИА ДАЛАХӘЫН. .
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иубарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин,
ЛАША АШӘБА ГАГРА АҚАЛАҚЬ АХЫ ИАҚӘИҬУИЖЬҬЕИ 30 ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ ҲАУААЖӘЛАР ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Гагра ақалақь ахы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Акыр иаԥсоу Гаграа, Гагра арион иқәынхо ҳауаажәлар зегьы! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Гагреи Гагра араиони рхы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә.
1992 шықәса жьҭаарамза 2 инаркны 6-нӡа имҩаԥсыуаз Гагратәи операциа ашьҭахь Гагра араион ахақәиҭтәра хыркәшан.
Жьҭаарамза 6 рзы, ашьыжь ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа аҩадакавказтәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рываргыланы имҩаԥыргаз аоперациа иалҵшәахеит Ԥсоу аӡиас иаԥну аҳәааҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ахаргылара.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСРН ИХАҬЫԤУАҨ ОДИССЕИ БИГӘАА УРЫСТӘЫЛА АԤШААРАТӘ ОТРИАДҚӘА РХЕИДКЫЛА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Аиԥылара далахәын Алада Новгород иҟоу Аԥсны Аҳаҭыртә консул Владимир Литвинчук.
Аиԥылара иазҵаара хаданы иҟан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы аиҿкаара аусура.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Россотрудничество рақәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп хара имгакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.
АԤСНЫ АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ГАГРА АРАИОН АХАҚӘИҬТӘРА 30 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АНЫҲӘАҾЫ ИҚӘГЫЛАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәаҿы иқәгылара
Ҳаҭыр зқәу Гаграа!
Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Ҳауаажәлар!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш!
Қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи операциа акыр аҵанакуан Аиааира агараҿы. Аидгылара, аибашьцәа ргәымшәара иасимволны иҟоуп ари ахҭыс.
АԤСНЫ АХАДА ГАГРА АРАИОН АХАҚӘИҬТӘРА АМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион Ахақәиҭтәра амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рыҟнытә ахы ақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30 шықәса аҵра амш.
Хшыҩзышьҭра ду аҭаны, қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи ажәыларатә операциа акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит ақырҭуа қәылаҩцәа риааира аагараҟны. Зегьы аӡәк еиԥш реидгылара, аибашьцәа ргәымшәара иасимволны иҟоу, ари ахҭыс ҳажәлар рзы аибашьратә-политикатә еиԥш, алеишәатә ҵак дугьы аман аӷа иҿагылараҟны Аиааира агаразы ирымаз агәрагара арӷәӷәаразы.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ: «АӶА ИНАПАҴАҞА ИҞАЗ ГАГРА АРАИОН АХӘҬА АХАҚӘИҬТӘРА АРРАТӘ ҴАКЫ АДАГЬЫ АПОЛИТИКАТӘ ҴАКЫ АМАН».
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ҳауаажәлар Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.
«Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа аетапқәа ыҟоуп. Жьҭаарамз 1-6, 1992 шықәса рзы имҩаԥгаз Гагратәи арратә операциа убарт аетапқәа иреуоуп. Даараӡа ибзианы еимга-еимцарак рыла имҩаԥгаз аоперациа Аиааира агара иахыҵхырҭаны иҟалеит.
Аӷа импыҵакыз Гагра араион ахәҭак ахақәиҭтәра арратә ҵакы адагьы аполитикатә ҵакгьы аман. Ажәыларатә операциа аблокада аԥыхра, иара убри ала аԥсҭазаараҿы ихымԥадатәиу азҵаарақәа рыӡбара алнаршеит, Аԥсны ақырҭуа агрессор иҟынтәи ахақәиҭтәразы ихыҵхырҭаны иҟалеит.
ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АКЦИА «ԤСРА ЗҚӘЫМ АПОЛК» МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Жьҭарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30 - шықәса ахыҵра иазкны Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк».
Ахореографиатә ансамбль «Гагрыԥшь» иалахәыз амилаҭтә костиумқәа рышәҵаны ақалақь ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рфотоахьақәа кны Гагра ақалақь амҩадуқәа ирнысит.
Зынӡа гагратәи ажәыларатә операциа аан иҭахеит 117-ҩык.
Аколонна ахаҿы инеиуан аҽыҩцәа хәҩык, урҭ рахьынтә ҩыџьа иркын Ареспублика Аԥсны абираҟқәа.
Гагра анапхгаҩцәа аколонна «Ԥсра зқәум аполк» иацны ақалақь амҩадуқәа ирнысит.
ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИЕИ ИЛИА ДЕНИСОВИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩратә хьчара, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи ирызку аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-аполковник Илиа Денисови реиԥылара
Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи.
АПАРТИА «АИҬАИРА» АРЕСПУБЛИКА АҴАРАДЫРРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА АРҴАҨЫ ИМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИРЫДНЫҲӘАЛОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» ареспублика аҵарадырратә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа Арҵаҩы Имш инамаданы ирыдныҳәалоит.
«Аамҭа есааира аҵарадырра аусхкы аҿы иҿыцу аԥҟарақәеи ахыдҵақәеи ықәнаргылоит. Иахьагьы, уажәаԥхьа еиԥшҵәҟьа аҵарадырратә процесс аҿы аихьӡарақәа зыдҳәалоу зегьы раԥхьаӡа иргыланы арҵаҩы изанааҭдырра аҩаӡареи иаамсҭашәареи, уи ламысцқьала иус азнеиреи роуп. Зыҩаӡара ҳараку арҵаҩратә ҟазара, аҵаҩцәа зегьы рызнеишьа алыршара ауп еиҵагыло аҿар рхаҭара ашьақәгылара, рдунеихәаԥшра аҳәаақәҵара иацхраауа. Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шәыриааины Шәара иаашәырԥшуа аамсҭашәареи агәыбылреи, аиҷаҳареи аҭакԥхықәреи азанааҭдырреи рзы.
АХЫСЫРҬА «НАГВАЛОУ» АҾЫ АРРАТӘ РЕЗЕРВТӘ ХӘҬАҚӘА АЛАРХӘНЫ АМОБИЛИЗАЦИАТӘ КОМАНДАҞАҴАРА-ШТАБТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахысырҭа «Нагвалоу» аҿы арезервтә хәҭақәеи аоперативтә хырхарҭа змоу аҟәшеиҵақәеи «Восток» алархәны арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра асаит.