Аҟәа ақалақь аҿы аӡхыҵраҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа ақалақь Ахадара ахатә харџь ала имҩаԥысуеит.
02.Лаҵара.2023
Аҟәа ақалақь аҿы аӡиасқәа Аӡаԥшьи Гарикәареи рӡыршьҭрақәа дрыцқьоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара Аӡаԥшьи Гарикәареи аӡиасқәа рӡыршьҭрақәа ррыцқьара азы аԥаратә хархәагақәа азоунажьит. Иара убас мҽхакы ҭбаала имҩаԥган Басла аӡиас аӡыршьҭра арҭбаара иазкыз аусурақәагьы, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара.
«Аӡаԥшь аӡиас аӡыршьҭра рыцқьахоит. Уаанӡа араҟа арыцқьаратә усурақәа 2020 шықәсазы имҩаԥган. Уи иабзоураны аӡхыҵра иахҟьаны Титов имҩеи уи азааигәара иҟоу аҵакырақәеи аӡы рықәлара аԥхьырҟәҟәаара алыршахеит. Иахьа ари аусура ҩаԥхьа ацҵаразы аамҭа ааит», -ҳәа 2023 шықәса актәи аԥшьбаразы аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы дықәгыло иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.