АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2023

Аԥсны ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит асахьаҭыхыҩ Адгәыр Амԥар иусумҭақәа рцәыргақәҵа.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Асахьаҭыхыҩ Адгәыр Амԥар иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны. Аекспозициа иалоуп 37 асахьатә усумҭа, 22 – ҿыханҵа, 15 – аграфикатә ҭыхымҭақәа.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, Адгәыр Амԥар ицәыргақәҵа – ари енагь даара аинтерес зҵоу акакәны иҟоуп, избан акәзар «акыр имариамыз асахьаҭыхыҩ иԥсҭазааратә мҩа есымша исахьақәа, иааизакны ирҿиара ирнубаалоит». Адгәыр лассы-лассы имариам азҵаарақәа шьҭихуеит, иаагозар, ауаҩы ҳаамҭазтәи адунеи аҿы иааникыло аҭыԥ, атехнологиақәа рыҿиареи азаҵәреи ртема». Ельвира Арсалиа лгәаанагарала, Адгәыр Амԥар ҷыдала ахәаԥшцәеи иареи аимадара ӷәӷәа рыбжьоуп, асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа рҿы еснагь анализ аҟаҵаразы аҭыԥ аанижьуеит.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба асахьаҭыхыҩ хаҭалатәи ицәыргақәҵа ахьалыршахаз азы дидныҳәалеит, убри аан уи иибаз асахьақәа ддыршанхеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иазгәасҭарц сҭахуп, иахьарнахыс урҿиамҭақәа рыбзиабаҩцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз», - ҳәа Адгәыр Амԥар иахь ихы рханы иҳәеит атәыла акультура аминистр.  

Икьаҿу аофициалтә хәҭа аамышьҭахь хыԥхьаӡарацәала иааз ахәаԥшцәа ицәыргақәҵаз асахьақәа хшыҩзышьҭрала рыхәаԥшра, даҽакала иуҳәозар рыҭҵаара иалагеит. Шамахамзар џьара иуԥымло агеометриатә фигурақәа рырацәара, аусумҭақәа зегьы рҿы ҷыдала аԥштәылгареи ацентр алкаареи ирыбзоураны улаԥш иузаҟәымҭхо ирыдхалон.  Дара асахьақәа рыдагьы урҭ рыхьӡқәагьы, иаагозар, «Аобиект аус адулара», «Аҟьаҟьара аизшәара», «Аҵакы агәалҭәаара», «Амистериа», уҳәа убас иҵегьы аинтерес рыҵоуп.  

Ацәыргақәҵатә зал Хада уахьыҩнало аҟазарадырҩы Ирма Гәыблиа лессе убар алшон. Араҟа лара асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭақәа анализ алҭеит.

Абас  Адгәыр Амԥар иусумҭақәа рҷыдара аазырԥшуа цитатақәак. 

«Аԥштәи аформеи рыԥшшәытә калеидоскоп, асаркьа аҿы еиԥш ақәынҵа иныԥшуа афигурақәа, зсимволқәа уамашәа иԥшӡоу уи асахьанҵа зҽалазҩашьо амацақәа рсахьақәа иреиԥшуп».

«Ахшыҩзышьҭра аҭаны уахәаԥшыр, иумбар залшом улаҿ иааиуа, маҷк истильрку, мыцхәы иацклаԥшны инагӡоу адетальқәа  аԥхьатәи аплан ашҟа иалызкаауа, хазы игоу аелементқәа рыла еилыҵуа аԥштәы».

Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ Аԥшьа Ҳагба Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭалҳәеит ари ацәыргақәҵа илызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы. Зегьы реиҳа уи Адгәыр Амԥар аԥштәи аформеи аус рыдулара инамаданы имоу аҟыбаҩ дшаршанхаз лҳәеит.

«Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа иаразнак излаудыруа аҷыдарақәа амоуп, авторрагьы акы иаламҩашьо иҟоуп»,-ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥшьа Ҳагба.  

Ацәыргақәаҵа аус аулоит лаҵарамза 12 - нӡа. мая.

 

 


Read 215 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.