АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2023

Константин Могилевски: Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра Аԥсны аконсультативтәи ахархәаратәи ацхыраара анаҭалоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023. Апсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳаӡоу аҵарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Константин Могилевски диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аганқәа анаукеи аҵарадырреи русхки, иара убас азакәанԥҵаратә усхки рҿы аусеицура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, анаукатә еилазаарақәеи егьырҭ анаука-ҵарадырратә усура аҿиара аинститутқәеи реицапҵара азҵаарақәа ирзааҭгылеит.  

Константин Могилевски урыстәылатәи аган аринахысгьы Аԥсны аконсультативтәи ахархәаратәи ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәеиҭеит.

Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла аҵареи анаукеи рминистрра анапхгара иҟанаҵо ацхыраареи аусеицуреи рзы иҭабуп иҳәеит. Уи ҩаԥхьа Аԥсны Анапхгара апроект ҿыцқәа рынагӡара ишазҿлымҳау азгәеиҭеит.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵара аминистр Инал Габлиа, аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

 

 


Read 203 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.