АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 6 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аолимпиатә хәмаррақәа араӡнытә аԥхьахәгаҩ Саида Гынба лгәалашәара иазкны атурнир мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 6 рзы Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә стадион аҿы имҩаԥгахоит Аолимпиатә хәмаррақәа араӡнытә аԥхьахәгаҩ, ажәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Саида Гәынба лгәалашәара иазкны атлетика лас атурнир мҩаԥысуеит.    

2007 шықәсазы иизи урҭ иреиҳабу  2008-2009шш. рзы иизи ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аҵәы аршәреи 100, 400, 800 метра рҟынӡа адистанциақәа рыла аҩреи рҿы еиҳа зылшо  ралкааразы еицлабуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аӡбаҩ хада – атлетика лас азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Лолита Назарс.

Аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны атлетика лас Афедерациеи.  

Саида Капас-иԥҳа Гәынба диит нанҳәамза 30, 1959 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. 1978 – 1988шш. атлетика лас азы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ихадоу аилазаара алахәылас дыҟан.

Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Аолимпиада- -80 аҿы аҵәы аршәра аҿы 67,76 метра аҟынӡа аршәра ала араӡны медал аиура лҽаԥсалтәит.  1980 шықәсазы аҵәы аршәраҿы хаҭалатәи лрекорд - 68,28 – шьақәлыргылеит.

Саида Гәынба Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан медиаҳәшьас дыҟан. Аԥсадгьыл ахьчараан иаалырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы иланашьан «Агәымшәаразы» амедал.

2004 шықәсазы лара  «Ахьӡ-аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьан.

Саида Гәынба абҵарамза 24, 2018 шықәсазы 60-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит.

 

 


Read 239 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.